Жәларбжьаратәи ашьҭазаара зқәыз ахаҿы аҳәааҿы даанкылан

© SputnikАԥсуа-аурыс ҳәаа
Аԥсуа-аурыс ҳәаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа адыррала, амашьынаушьҭырҭатә пункт "Адлер" аҿы даанкылан жәларбжьаратәи ашьҭазаара зқәыз ахаҵа.

АҞӘА, мшаԥы 5 — Sputnik. Молдова атәылауаҩ даанкылан Урыстәылантәи Аԥсныҟа аҳәаа дахысны дҭаларц данаҿыз. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

"45 шықәса зхыҵуа ахаҵа иганахьала 2016 шықәса рзы Молдова Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ашьаус хацнаркхьан. Ахаҵа дыбналеит. Ирылаҳәан жәларбжьаратәи ишьҭазаара", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Уажәы, ажәытә советтә республика атәылауаҩ урыстәылатәи аполициа рнапаҿы дыҟоуп, нас ишьҭоу аусбарҭақәа дрыҭахоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0