Дыдрыԥшь-ныха аныхаԥааҩыс дҟалеит Борис Чычба

© Sputnik / Томас Тхайцукархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Борис Чычба зыԥсҭазаара иалҵыз аныхаԥааҩ Заур Чычба диԥсахит.

АҞӘА, мшаԥы 11 – Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Дыдрыԥшь-ныха аныхаԥааҩыс дҟалеит Борис Чычба ҳәа ааицҳаит Елыр-ныха аныхаԥааҩ Галтер Шьынқәба.

Ажәлар ацәгьа иацәихьчон, абзиарахь ихьаирԥшуан: Заур Чычба идунеи иԥсахит

Шьынқәба иажәақәа рыла Аҷандара аныхаҿы шьҭрала ныхаԥааҩыс иҟало Чычаа рыжәлантә шиакәу.

"Ныхаԥааҩыс далырхит Борис Чычба. Уи иаб Кәначгьы уаанӡа ныхаԥааҩыс дыҟан", - ҳәа еиҭеиҳәоит Галтер Шьынқәба.

Заур Чычба иԥсҭазаара далҵит 2018 шықәса рзы. Иара Дыдрыԥшь-ныха аныхаԥааҩыс далхын 1992 шықәса рзы. 2012 шықәса рзы Заур Чычба ареспублика аныхаԥааҩцәа Рхеилак дахагылан.

Аԥсуа рдинхаҵарала Аԥсны адгьылҵакыра иахылаԥшуеит аныха-ԥшьақәа быжьба. Дыдрыԥшь-ныха Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭаҿ ауп иахьыҟоу. Ари аҭыԥ ԥшьахь шамахамзар анеира азин ыҟам. Инеиуагьы аныхаԥааҩ имҩаԥигозар ауп.

Ажәабжьқәа зегьы
0