Ашьапылампыл азы ачемпионат аҿы "Риҵа" "Гагра" иаԥнагеит

© Foto / Виталий Фидаренко Встреча футбольных клубов "Рица" и "Гагра"
Встреча футбольных клубов Рица и Гагра  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы ачемпионат аҿы "Риҵеи" "Гагреи" реиԥылара мҩаԥысит мшаԥы 11 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 12 – Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Гәдоуҭатәи "Риҵа" ашьапылампылтә клуб "Гагра" иаԥнагеит 1:0 ҳәа. Абри атәы Sputnik иазааицҳаит ашьапылампылтә лига адиректор Витали Федоренко.

Аԥсны ашьапылампыл азы ачемпионат аҿы Афон Самырзаҟан иаиааиит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ашьапылампыл азы ачемпионат аҿы "Афон" "Самырзаҟан" иаиааиит

30-тәи аминуҭ азы ахьчаҩбжа Астамыр Ҭарба ампыл амба иҭеиршәит.

"Риҵа" жәылон, "Гагра" еиҳарак аҽахьчон. Иуҳәар ауеит ампыл аҭаршәра алшаратәы ахҭысқәа шырацәамыз", - ҳәа иҳәоит Федоренко.

Федоренко игәаанагарала ахәмарра акомандақәа рыҩбагьы рзы акыр иуадаҩын.

Ашьапылампылтә клуб "Гагра" атурниртә таблицаҿ аҩбатәи аҭыԥ ннакылоит.

"Риҵеи" "Афони" ахԥатәи аҭыԥ еиҟәыршоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0