Аԥсуа қәԥаҩцәа Европеи Адунеизегьтәи ахәмаррақәеи рҿы иқәгылар рылшоит

© Foto / Тимур ДжопуаАԥснытәи ақәԥаҩцәа
Аԥснытәи ақәԥаҩцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зых иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәыла Афедерациа аиндаҭлара мҩаԥысуеит Наро-Фоминск, мшаԥы 11 - 15 2019 шықәса рзы.

АҞӘА, мшаԥы 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи ақәԥаҩцәа хҩык аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит зых иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәылатәи Ачемпионат аҿы аиндаҭлараҿ, убри алагьы Европеи Адунеизегьтәи ахәмаррақәеи рҿы ақәгылараз алхратә етап ахь инеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит азыҟаҵаҩ Ҭемыр Џьопуа.

"62 кьыла зыкапан ыҟоу рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Асҭамыр Кәыҵниа, 57 кьыла зыкапан ыҟоу рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Русҭам Лагинӡиа, 85 кьыла зыкапан ыҟоу рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит Даниель Џьопуа", - еиҭеиҳәоит азыҟаҵаҩ.

Иара иазгәеиҭеит аиндаҭлараҿы актәи аҭыԥ аанызкыло ԥхынгәымзазы Польша имҩаԥысраны иҟоу Европа Ачемпионат ахь дшышьҭхо, аҩбатәии ахԥатәии аҭыԥқәа аанызкылаз Венгриа имҩаԥысраны иҟоу Адунеизегьтәи аиндаҭларақәа ишрылахәхо.

Зых иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәыла Ачемпионат иалахәын аԥснытәи аспортсменцәа фҩык.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0