Аԥсуа делегациа алахәуп Пискариовтәи аԥсыжырҭаҿы аллеиа ашьапкра

© Foto / Роберт ДжопуаАԥсуа делегациа алахәуп аллеиа ашьапкра
Аԥсуа делегациа алахәуп аллеиа ашьапкра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа делегациа алахәуп Санкт-Петербург имҩаԥысуа Аиааиҩцәа рфорум "Великая Победа, добытая единством".

Санкт-Петербург, мшаԥы 25 - Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба Sputnik иинтервиу анеиҭоз иҳәеит Пискариовтәи аԥсыжырҭаҿы аллеиа ашьапкраан агәыхыҭхыҭра ду шизцәырҵыз, иара убри аан агәадура дугьы шиоуз.

Аԥснытәи алахәылацәа аманумент Ан-Аԥсадгьыл аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи алахәылацәа амонумент "Ан-Аԥсадгьыл" аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

"600-ҩык инарзынаԥшуа аԥснынтә Ленинград ахьчара иалахәын. Уи сара акыр игәадураны сахәаԥшуан", - ҳәа иҳәеит Аршба.

Аԥснытәи аделегациа рхы аладырхәит Аиааиҩцәа IX Жәларбжьаратәи рфорум "Великая Победа, добытая единством" афорум аусура аатит мшаԥы 25 рзы Санкт-Петербург. Ауснагӡатә азкуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аантәи Ленинград аблокада аԥыхра 75-шықәса ахыҵра.

Аԥснытәи аделегациа анапхгаҩы Даур Аршба иазгәеиҭеит афорум аҿы СССР аамҭақәа рзы иҟаз акзаареи аидгылареи рҟазшьа аҭыԥ аманы ишыҟаз. Иара иазгәеиҭеит Аиааиҩцәа рфорум – усҟантәи аамҭазы еицырзеиԥшыз Аԥсадгьыл ду ахақәиҭра зхы ақәызҵаз ргәалашәара иашьананы ишыҟоу.

"Ари ҳзеиԥш ҭоурых акәын. Ҳара азин ҳамаӡам абри аԥсыжырҭаҿы анышә иамадоу ауаа рфырхаҵара ахаршҭра" ҳәа иҳәеит иара.

Аԥхьатәи амш ахәҭазы Пискаревтәи аԥсыжырҭаҿы аллеиа ашьапы ркит, аҵлақәа реиҭаҳарала, иара убасгьы Меншиковтәи апроспект аҿы агәалашәаратә хаҳәцә "Великая Победа, добытая единством" шьҭарҵеит.

Амш аҩбатәи ахәҭаҿы аусутә программа аатуеит апленартә еилатәарала. Амш хыркәшахоит аныҳәатә концерт ала.

Афорум иалахәуп Асовет еидгыла уаанӡатәи атәылақәа рхаҭарнакцәа. Афорум азырхоуп ИАР, Прибалтика атәылақәа, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла рҿартә, рҵаратә, рексперттә еилазаарақәа рыбжьара адиалог арҿиара.

Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭоит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба.

© Foto / Роберт ДжопуаАԥсуа делегациа алахәуп аллеиа ашьапкра
Аԥсуа делегациа алахәуп Пискариовтәи аԥсыжырҭаҿы аллеиа ашьапкра - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа делегациа алахәуп аллеиа ашьапкра

 

Ажәабжьқәа зегьы
0