Аҩбатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа шеихыршо атәы еилкаахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҩбатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа шеихыршо атәы еилкаахеит
Аҩбатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа шеихыршо атәы еилкаахеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа ашьыжь амцакра ахьыҟалаз абжьаратә школ №2 аҟны аҵара рҵоит 1250 –ҩык аҵаҩцәа.

АҞӘА, лаҵара 2 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәатәи абжьаратә школ №2 аҵаҩцәа аамҭала аҵара рҵалоит латәарадатәи аҟәатәи ашколи ахатә школ "Альфеи" рҟны ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит ашкол адиректор Ирина Повирскир.

АҶА: амца ырцәоуп аха аихагылеиҩкаагақәа ҭыԥқәак рҿы еилаҳар алшоит

"Зынӡа ашкол аҿы аҵара рҵоит 1250-ҩык аҵаҩцәа. Сынтәа 38-ҩык аушьҭымҭацәа ҳамоуп. Уажәы ҳалацәажәоит аԥышәарақәа шымҩаԥаагаша", - ҳәа лҳәоит адиректор.

Амца ашкол ахыб еимҽханакит, аха акласс уадақәа ирԥырхагамхеит. Повирскир лажәақәа рыла амца анхәыҵҟьоз збаз аҷаԥшьаҩ иоуп, усҟан ашкол аҿы уаҳа уаҩ дыҟамызт.

"Анцәа иџьшьаны амца ирласны ахәаҽра рылшеит. Ахԥатәи аихагылаҿы аҵара рҵон 5-10 аклассқәа рҵаҩцәа. Уоуп аинформатика аклассгьы ахьыҟаз. Уи аҭагылазаашьа макьаназ изеиԥшроу ҳаздырам", - ҳәа лҳәеит Повирскир.

Аҟәатәи ашкол №2 ахыбра ргылан 1870 шықәса рзы. Аԥхьанатә аҳәса рпрогимназиа ҳәа акәын ишыҟаз, хылаԥшра алҭон аҳкәажәԥҳәыс Мариа Федор-иԥҳа.

1904 шықәса рзы аҩбатәи аихагыла хагалан. 1909 шықәса рзы аа-класски иҟаз агимназиа ҳәа ахьӡырҵеит, аимператор Александр III иԥҳа, аҳкәажәҭыԥҳа Ксениа Александр-иԥҳа хылаԥшра азылуан.

Аҩбатәи ашкол аҵаҩцәа егьырҭ ашколқәа рахь еихыршоит

ХХ ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа рзы Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ ҳәа еиҭаркит.

1942 шықәса рзы Александр Сергеи-иԥа Пушкин ихьӡ зху аурыс школ ахьыӡҵахеит. Асовет аамҭақәа раан ашкол азеиԥшҵаратә усҳәарҭаны иҟалеит.

1992-1993 шықәсқәа рызтәи аԥсуа-ақырҭуа еибашьраан ахыбра блит.

2008 шықәса рзы ашкол №2 Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраарала еиҭашьақәыргылан.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0