Лаҵара 8-9 рзы 900-ҩык ААР аусзуҩцәа ауаа ршәарҭадара иахылаԥшлоит

© Sputnik / Томас Тхайцукамилициа
амилициа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
900-ҩык рҟынӡа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа лаҵара 8-9 рзы ауаа ршәарҭадара иахылаԥшлоит.

АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба инапынҵала 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аантәи аиааира амшныҳәа иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа арежим ҷыдала аус рулоит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

"Аус зыдуло аплан инақәыршәаны лаҵара 8 ашьыжь инаркны 900-ҩык рҟынӡа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рнапынҵа ҷыдақәа рынагӡара иалагоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рҿаԥхьа иқәгылоу усдҵа хаданы иҟоуп ауаажәларратә зинеиҿкаара аиқәыршәара.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0