Хабарда ибжьаӡыз рхаҭара ашьақәыргылара иазкыз афотоцәыргақәҵа еиҿкаан Гагра

© Foto / Саида ЖибаХабарда ибжьаӡыз рхаҭара ашьақәыргылара иазкыз афотоцәыргақәҵа еиҿкаан Гагра
Хабарда ибжьаӡыз рхаҭара ашьақәыргылара иазкыз афотоцәыргақәҵа еиҿкаан Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, хабарда ибжьаӡыз рхаҭара ашьақәыргылара иазкыз афотоцәыргақәҵа еиҿкаан Гагра.

ГАГРА, лаҵара 8- Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шықәсқәа рзы, хабарда ибжьаӡыз рхаҭара ашьақәыргыларазы, Жәларбжьаратәи Аилак Аџьар Ҟаԥшь имҩаԥнаго аԥсыбаҩ аҵхра иадҳәалоу раԥхьатәи ашьаҿақәа инаркны, анышә аиҭамадара аҟынӡа рус ахьаарԥшу афотоцәыргақәҵа еиҿкаан Гагра ақалақь акультура аҩнаҟны.

Ацәыргақәҵаҟны иӡырган 28 фото.

"Арҭ афотосахьақәа рҿы, ахәаԥшцәа ирыдаагалоит хабарда ибжьаӡыз рхаҭара ашьақәыргылара иадҳәаланы имҩаԥааго аусмҩаԥгатәқәа зегьы. Аԥсцәа рҭаацәа арабадырреи, ашьа арымхреи, аԥсыҵхреи, анаҩс, анышә реиҭамадареи уҳәа ахьаарԥшу. Фышықәса рыла, Жәларбжьаратәи Аилак Аџьар Ҟаԥшь абзоурала, 42 ҭаацәара ирыҭан зхаҭара шьақәыргалаз ргәакьацәа рыԥсыбаҩ. Иазгәасымҭарц залшом, арҭ алҵшәақәа рааԥшраҿы ароль ду шынанагӡаз Аԥсны анацәа, аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Рхеилак", - иҳәеит Аԥсны, Жәларбжьаратәи Аилак Аџьар Ҟаԥшь Амиссиа аиҳабы ицхырааҩ Борис Казанба.

Афотоцәыргақәҵа хықәкыс иамоуп, хабарда ибжьаӡыз рхаҭара ашьақәыргыларазы имҩаԥысуа аусқәа, ажәлар инҭкааны рызнагара. Борис Казанба иҳаилиркаит ргәы ишҭоу уи раионцԥхьаӡа аиҿкаарагьы.

Аџьар Ҟаԥшь - Sputnik Аҧсны
Аџьар Ҟаԥшь хабарда ибжьаӡыз рзы аусура аихшьалақәа ҟанаҵеит

"Ажәлар ҳнапы злаку аус азы инарҵаулоу адырра раҳҭар, даргьы рыцхыраара ҳадыргалар ауеит. Избанзар, ацәыргақәҵа аҭааҩцәа рыбжьара, хымԥада иҟалоит иҳахәаша аинформациа змоу, иаҳамбац аԥсыжырҭа ҭыԥқәа здыруа", - инаҵишьит иара.

Ҩымш ирылагӡаны афотоцәыргақәҵа иаҭааит шәҩыла ауааԥсыра. Еиҳараӡак аинтерес ззаҵаз ашколхәықәа ракәын.

"Иахьа, абарҭ иаҳбаз асахьақәа даараӡа ҳгәы ҭнашьааит. Ҳәарада, ҳҵеицәа, ҳаԥсадгьыл зхы ақәызҵаз есымша ҳгәалашәараҿы иаанхоит, иҳалшогьы ҟаҳҵоит рыхьӡ акамыршәразы", - ҳәа азгәеиҭеит Гагратәи абжьаратә школ №1 аҵаҩы Алан Булиа.

Аԥсны, Жәларбжьаратәи Аилак Аџьар Ҟаԥшь Амиссиа аиҳабы ицхырааҩ Борис Казанба иажәақәа рыла, хабарда ибжьаӡыз рхаҭара ашьақәыргылара ԥхьаҟагьы иацҵахоит.

Афотоцәыргақәҵа аиҿкаара адгылара арҭеит Гагра араион Ахадареи, акультура аҟәшеи реиҳабацәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0