Ҩыџьа ауаа шьны аҩны амца ацразҵаз ҳәа гәҩарас ирымоу ауаҩы дырбаандаҩуп

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбаандаҩы
Абаандаҩы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Аԥсны АҶА адырра ҟанаҵахьан лаҵара 17 рзы ахатәы ҩны амцакраан ҩыџьа ауаа ҭахеит ҳәа.

АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik. Ҩыџьа ауаа шьны аҩны амца ацразҵаз ҳәа гәҩарас ирымоу ауаҩы Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ашьаусҭҵаара аусзуҩцәа ддырбаандаҩит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа аофициалтә саит.

Иҟоу адыррақәа рыла, иаанкылоу ауаҩы уаанӡатәи ицәгьаура – ҩыџьа ауаа рышьра ирмаӡарц азы Аҟәа, Морскаиа амҩа аҩны №14 амца аркны дыбналеит.

"Имҩаԥгаз аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа ирылыршаны Аҟәа араион Гәыма ақыҭан абнараҿы даанкылан Аҟәа инхо ауаҩԥсы, ҩыџьа ауаа шьны ишьҭа ирӡырц аҩны амца ацраҵаны ибналаз ҳәа агәҩара ззыҟоу ахаҿы", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Уаанӡа, амца зыкны иблыз, Аҟәа, Морскаиа амҩа аҩны №14 аҟны лаҵара 17 рзы ҩыџьа рыԥсыбаҩ рбеит: 1937 шықәса рзы ииз аҩны аԥшәмаԥҳәыси 1966 рзы ииз, абри аҩнаҿы инхоз Барӷьаԥ ақыҭан иҭаҩу ауаҩԥси.

Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Аҟәа ақалақь апрокуратура.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0