Апарламент Аԥсны ахада иалхрақәа ррыцхә аиҭагара мап ацәнакит

© Sputnik / Томас ТхайцукАпарламент Аԥсны ахада иалхрақәа ррыцхә аиҭагара мап ацәнакит
Апарламент Аԥсны ахада иалхрақәа ррыцхә аиҭагара мап ацәнакит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵара 20 рзы атәыла ахада иалхрақәа рыҿҳәара анахараз Апарламент аԥхьа амитинг ахь ицәырҵит шәҩыла ауааԥсыра.

АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Апарламент аҟны адепутатцәа рыбжьы рҭиит ахада иалхрақәа ррыцхә аиҭагара иаҿагыланы, абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Жәлар Реизара аилатәара амш аусхәаԥштә аҟны иҟан ҩ-зҵаарак: "Мшаԥы 4 2019 шықәсаҟынтәи Аԥсны ахада иалхрақәа рымш ашьақәыргыларазы", "Аԥсны ахада иадхрақәа рымш ашьақәыргыларазы" Аԥсны Апарламент ақәҵарақәа раԥыхразы"; "Аԥсны ахада иалхрақәа рзы" Аԥсны Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 6 аусура аларгаразы аморатори алагаларазы" Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан апроект азы".

Абжьыҭира иалагеит аҩбатәи апункт азы ала. Уи иадгылеит 14-ҩык, иаҭахыз 24-ҩык рҟынтәи. Убас ала, Жәлар Реизара Аԥсны ахада иалхрақәа ррыцхә еиҭакрада иаанрыжьит - урҭ ҟалоит ԥхынгәы 21, 2019 шықәса рзы.

Аԥсны аоппозициатә мчрақәа рхада Аслан Бжьаниа Москватәи ахәышәтәырҭа дҭоуп мшаԥы 18 раахыс. Уи игәабзиара аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу рыхьны Склифосовски ихьӡ зху ахәышәтәырҭа иҭашәеит уи ихьчаҩцәа Кьасоу Дарсалиеи Леван Бжьаниеи.

Президент Абхазии Рауль Хджимба  - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: Бжьаниа иус атәыла ахадара алаҟьашьуп ҳәа ирҳәо ҵаҵӷәыдоуп

Лаҵара 2 рзы аоппозицитә мчқәа апресс-конференциаҿы ирыларҳәеит Аслан Бжьаниа атәыла ахадак иаҳасабала ихьӡ рҳәараны ишыҟоу азы.

Лаҵара 16 рзы аҳәамҭа ҟаҵан Аслан Бжьаниа ишьа артут аланы ишышьақәыргыло, уи иаанаго ашҳамыркра шизуз ауп ҳәа. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа алхрақәа рыҿҳәара инахазарц ажәадгала ҟарҵеит.

Лаҵара 17 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак еиҿнакааит агәыԥ ҷыда, лаҵара 20 инаркны урыстәылатәи апрокуратура аусзуҩцәа алархәны иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа.

Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы.

Ажәабжьқәа зегьы
0