Аоппозициа: ахада иалхрақәа ахьахырымгаз азы аҿагыларатә акциа мҩаԥаагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАоппозициа: ахада иалхрақәа ахьахырымгаз азы аҿагыларатә акциа мҩаԥаагоит
Аоппозициа: ахада иалхрақәа ахьахырымгаз азы аҿагыларатә акциа мҩаԥаагоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵара 20 рзы атәыла ахада иалхрақәа рыҿҳәара анахараз Апарламент аԥхьа амитинг ахь ицәырҵит шәҩыла ауааԥсыра.

АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik, Бадри Есиава. Ҿҳәарадатәи аҿагыларатә акциа рыларҳәеит ашәахьа, лаҵара 20 рзы амитинг алахәылаҩцәа, атәыла ахада иалхрақәа рыҿҳәара ахьахырымгаз азы, абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

"Апарламент адепутатцәа ҳрыҳәон алхрақәа ҭагалан ахь ииаргарц. Аха ажәлар иҟарҵаз аҳәара мап ацәыркит. Убри ашьҭахь еилаҩеиласрақәак ҟалеит. Заанаҵ ауаа рахь ҳхы рханы аҳәара ҟаҳҵоит апровокациақәа рыҽрыларымгаларц, ачҳара аадырԥшларц, аҭыԥ аҟны аҭагылазаашьа алҵшәақәа ҭынч ирзыԥшларц. Ҿҳәарадатәи аҿагыларатә акциа рылаҳҳәоит, абра ҳгылазаауеит Ахада ауаажәлар рахь дцәырҵаанӡа", - иҳәеит "Амцахара" апрезидиум алахәыла Виктор Тәанба.

Аԥсны Апарламент ахада иалхрақәа рымҩаԥгара арыцхә ахыгара мап ацәнакит ашәахьа, лаҵара 20 рзы.

Аԥсны аоппозициатә мчрақәа рхада Аслан Бжьаниа Москватәи ахәышәтәырҭа дҭоуп мшаԥы 18 раахыс. Уи игәабзиара аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу рыхьны Склифосовски ихьӡ зху ахәышәтәырҭа иҭашәеит уи ихьчаҩцәа Кьасоу Дарсалиеи Леван Бжьаниеи.

Апарламент Аԥсны ахада иалхрақәа ррыцхә аиҭагара мап ацәнакит - Sputnik Аҧсны
Апарламент Аԥсны ахада иалхрақәа ррыцхә аиҭагара мап ацәнакит

Лаҵара 2 рзы аоппозицитә мчқәа апресс-конференциаҿы ирыларҳәеит Аслан Бжьаниа атәыла ахадак иаҳасабала ихьӡ рҳәараны ишыҟоу азы.

Лаҵара 16 рзы аҳәамҭа ҟаҵан Аслан Бжьаниа ишьа артут аланы ишышьақәыргыло, уи иаанаго ашҳамыркра шизуз ауп ҳәа. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа алхрақәа рыҿҳәара инахазарц ажәадгала ҟарҵеит.

Лаҵара 17 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак еиҿнакааит агәыԥ ҷыда, лаҵара 20 инаркны урыстәылатәи апрокуратура аусзуҩцәа алархәны иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа.

Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы.

Ажәабжьқәа зегьы
0