Аҳҭнықалақь аҿы ауаажәларратә транспорт аныҟәара ԥкуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАҳҭнықалақь аҿы ауаажәларратә транспорт аныҟәара ԥкуп
Аҳҭнықалақь аҿы ауаажәларратә транспорт аныҟәара ԥкуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь аҿы ауаажәларратә транспор амныҟәареи, ауааԥсыра русурҭа ҭыԥқәа рахь рнеишьа зеиԥшроуи, имҩаԥысуа ахҭысқәа рзы ауаа ргәаанагарақәеи шәаԥхьар шәылшоит Sputnik Аԥсны аматериал аҿы.

Sputnik

Шьыжьы инаркны Аҟәа ақалақь аҿы аус зуаз атаксиқәа ракәын. Аҽа транспортк аус ауамызт.

Аҩбатәи амш: аоппозициаа иҿҳәарадатәу акциа иацырҵоит - Sputnik Аҧсны
Аҩбатәи амш: аоппозициаа иҿҳәарадатәу акциа иацырҵоит

"Иацы Апарламент аҿаԥхьа ауаа еизеит, алхрақәа рыҿҳәара анахара азҵаара аӡбразы. Иацы автобусқәа шыҟамлоз саҳаит. Ҳара иҳалшом ақалақь зегьы ишахәҭоу еиԥш амаҵ аура. Кьылашәыр аганахь узцом убри азы атроллеибусқәа зегьы аусура рҭыҵра ааныскылеит", - иҳәеит Атроллеибустә усбарҭа аиҳабы Иури Барганџьиа.

Абри ашьҭахь аусбарҭахь инеиит ақалақь ахадеи аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри. Аиҿцәажәарақәа рышьҭахь Аҳабла ҿыц – Аџьырмыкьа ахырхарҭала атроллеибусқәа ҩба дәықәҵан.

"Арҭ аҩ-троллеибуск уаҵәынӡа аус рулоит. Ԥхьаҟатәи аусура алацәажәарамакьаназ изаацәоуп. Ахырхарҭақәа зегьы транспортла аиқәыршәаразы 12 троллеибус аҭахны иҟоуп", - иҳәеит иара.

Шьыжьнаҵы ауаа дасу русқәа рахь амҩа иқәлон, аха урҭ мҩанызгоз атранспорт аҟамзаара иахҟьаны аангыларҭақәа рҿы агылара рықәшәон.

Тамшь ақыҭан автотрассаҿ аныҟәара хацыркхеит

"Троллеибуск цеит жәабаҟ аминуҭ раԥхьа. Аҩбатәи аауазар ҳәа ҳаԥшуп. Атаксии уаԥхьар ауеит аха уи ҳа ҳзы ахә хьанҭоуп", - лҳәоит Лиудмила Хопекиан.

Амаршруттә таксиқәа ракәзаргьы иныҟәом. Уи мзызс иамоу аилкаара ҳалымшеит. Аныҟәцаҩцәа ҳазҵаарақәа рҭак ҟарымҵеит.

Уаанӡа ирылаҳәаз акциа адгылара арҭо иарымҭогьы ҳзеилымкаати.

"Урҭ ирҭахызар аусура иҭыҵуеит, ирҭахымзар – мап. Аҳәынҭқарратә автопарк ыҟазар усеиԥш ҟаломызт", - иҳәоит ақалақьуаҩ Нугзар Џьоџьуа.

Атранспорт аус шамуагьы атакси ала аныҟәара ақалақьуаа зегьы ирылшоны иҟам.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0