Кавказ ажәларқәа рхырҵәара амш апрограмма ркьаҿуп имҩаԥысуа акциа инадҳәаланы

© Sputnik / Томас ТхайцукКавказ ажәларқәа рхырҵәара амш апрограмма ркьаҿуп имҩаԥысуа акциа инадҳәаланы
Кавказ ажәларқәа рхырҵәара амш апрограмма ркьаҿуп имҩаԥысуа акциа инадҳәаланы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны, лаҵара 21 рзы иазгәарҭоит Кавказтәи аибашьра иаланҵәази Кавказ ажәларқәа рхырҵәареи ргәалашәара Амш.

АҞӘА, лаҵара 18– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Кавказтәи аибашьра иаланҵәаз ргәалашәара Амш апрограмма ркьаҿуп имҩаԥысуа акциа инадҳәаланы ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистр ихаҭыԥуаҩ Џьамбул Инџьгьиа.

Амҳаџьырра иагаз ргәалашәара амш азгәарҭоит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Лаҵара 21 Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азгәарҭоит Аҟәа

Аԥхьанатә иазыԥхьагәаҭан Гәымсҭатәи ацҳа инаркны амарафонтә еиԥхныҩларақәа (асааҭ 11:00 рзы), Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа акаҭран аҿы ахәыҷқәа рсахьаҭыхратә еиндаҭлара (асааҭ 13:00 рзы), адрамтеатр афоие аҿы аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа аиҿкаара (асааҭ 14:00 рзы), аха арҭ ауснагӡатәқәа зегьы мап рыцәкуп иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы иҳәеит Инџьгьиа.

Асааҭ 18:30 рзы Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы алахьеиқәратә ныҟәара хацыркхоит, алахәылацәа Амҳаџьырцәа рбаҟахьы инеиуеит. Асааҭ 20:00 рзы ареспубликаҿы минуҭктәи аҿымҭрала иҭахаз ргәаладыршәоит. Уи ашьҭахь иалагоит агәалашәаратә митинг.

Лаҵара 21 1864 шықәса –Кавказтәи аибашьра аҵыхәтәантәи амш ҳәа иԥхьаӡоуп. Зықьҩыла аԥсуаа рҭоурых ԥсадгьыл ааныжьны атәым жәҩан аҵаҟахь рхы дырхеит. Иахьа адунеи атәылақәа 50 рҟны инхоит урҭ рцынҵәарахцәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0