Апрокуратура хада аоппозициаа ракциақәа ирыдҳәаланы аматериал аизгара иаҿуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГенеральная прокуратура
Генеральная прокуратура - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абар ҩымшуп атәыла аоппозициатә мчқәа Апарламент аҿаԥхьа еизаны акциа мҩаԥыргоижьҭеи. Уажәы урҭ дҵаны иқәдыргылоит атәыла ахада инапынҵақәа шьҭеиҵарц.

АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны апрокуратура хада аоппозициаа ракциақәа ирыдҳәаланы аматериал аизгара иаҿуп ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ауаажәларра рнырразы апрокурор хада ицхырааҩ Даур Амҷба.

Аԥсны апрокуратура - Sputnik Аҧсны
Аԥсны апрокуратура хада Аслан Бжьаниа иԥеи иԥшәмаԥҳәыси рҿахәы рҿырхраны иҟоуп

Иара иажәақәа рыла аудио, авидео, атексттә материал еизыргоит имҩаԥысуа ахҭыс анализ азыҟаҵарази азиншьаҭа змоу ахәшьара аҭарази.

Аслан Бжьаниа ахәышәтәырҭа дҭоуп мшаԥы 18 раахыс. Уи игәабзиара аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу рыхьны Склифосовски ихьӡ зху ахәышәтәырҭа иҭашәеит уи ихьчаҩцәа Кьасоу Дарсалиеи Леван Бжьаниеи.

Лаҵара 2 рзы аоппозицитә мчқәа апресс-конференциаҿы ирыларҳәеит Аслан Бжьаниа атәыла ахадак иаҳасабала ихьӡ рҳәараны ишыҟоу азы.

Лаҵара 16 рзы аҳәамҭа ҟаҵан Аслан Бжьаниа ишьа артут аланы ишышьақәыргыло, уи иаанаго ашҳамыркра шизуз ауп ҳәа. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа алхрақәа рыҿҳәара инахазарц ажәадгала ҟарҵеит.

Лаҵара 17 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак еиҿнакааит агәыԥ ҷыда, лаҵара 20 инаркны урыстәылатәи апрокуратура аусзуҩцәа алархәны иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа.

Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0