Цхинвал Аԥснытәи аҭагылазаашьақәа ирышьклаԥшуеит

© Sputnik Алексей Ковалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЦхинвал Аԥснытәи аҭагылазаашьақәа ирышьклаԥшуеит
Цхинвал Аԥснытәи аҭагылазаашьақәа ирышьклаԥшуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абар, ҩымшуп Аԥсны аоппозициа еизаны атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба дықәҵроуп ҳәа адҵа ҟарҵоижьҭеи.

АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев даниҿцәажәоз иҳәеит ареспубликаҿы гәырҭынчымрала Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа ирышьклаԥшуеит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.

Медоев иара убасгьы далацәажәеит Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахь алхрақәа разыҟаҵара, Аԥсны иаатраны иҟоу алхырҭатә ҭыԥ азыхиарагьы абрахь иналаҵаны.

Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба Аԥсны ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит атәылаҿ имҩаԥысуа ахҭысқәа инарымаданы

Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп рашәара 9 рзы. Аҟәа алхырҭатә ҭыԥ аартхоит Лакоба имҩа, аҩ. №23 аҟны.

Аԥсны аоппозициатә мчрақәа рхада Аслан Бжьаниа Москватәи ахәышәтәырҭа дҭоуп мшаԥы 18 раахыс. Уи игәабзиара аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу рыхьны Склифосовски ихьӡ зху ахәышәтәырҭа иҭашәеит уи ихьчаҩцәа Кьасоу Дарсалиеи Леван Бжьаниеи.

Лаҵара 2 рзы аоппозицитә мчқәа апресс-конференциаҿы ирыларҳәеит Аслан Бжьаниа атәыла ахадак иаҳасабала ихьӡ рҳәараны ишыҟоу азы.

Лаҵара 16 рзы аҳәамҭа ҟаҵан Аслан Бжьаниа ишьа артут аланы ишышьақәыргыло, уи иаанаго ашҳамыркра шизуз ауп ҳәа. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа алхрақәа рыҿҳәара инахазарц ажәадгала ҟарҵеит.

Лаҵара 17 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак еиҿнакааит агәыԥ ҷыда, лаҵара 20 инаркны урыстәылатәи апрокуратура аусзуҩцәа алархәны иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа.

Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы.

Ажәабжьқәа зегьы
0