Аҳәынҭқарра анапхгареи аоппозициеи еиқәшаҳаҭхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМитинг оппозиционных сил у здания Парламента
Митинг оппозиционных сил у здания Парламента  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа ҩымшуп Аԥсны аоппозициа атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа аанижьроуп ҳәа дҵаны иҟарҵеижьҭеи.

АҞӘА, лаҵара 22– Sputnik. Бадри Есиава. Аԥсны Жәлар рпарламент аҿаԥхьа акциа мҩаԥызгоз аоппозициа ахаҭарнакцәеи Атәыла ахадареи еиқәшаҳаҭхеит, абри атәы ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

"Азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны, Рауль Ҳаџьымба дақәшаҳаҭхеит Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рыҿҳәара ииагазарц - нанҳәа 25 ахь. Иара убас, Аслан Гьаргь-иԥа хаҭала далахәымзар ауеит атәыла ахадарахьы акандидатцәа Алхратә комиссиаҟны ашәҟәы рҽананырҵо аамҭазы, аԥсуа бызшәазы аԥышәара аҭара апроцесс. Атәыла хада акомиссиа раԥхьа хаҭала ииҳәарц илшоит Аслан Бжьаниа ихатәы бызшәа ишьахәны ишыидыруа", - иҳәеит Теимураз Хышба.

Хышба, Аслан Бжьаниа иҭаацәа рыхьӡала еизаз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Аԥсны аоппозициатә мчрақәа рхада Аслан Бжьаниа Москватәи ахәышәтәырҭа дҭоуп мшаԥы 18 раахыс. Уи игәабзиара аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу рыхьны Склифосовски ихьӡ зху ахәышәтәырҭа иҭашәеит уи ихьчаҩцәа Кьасоу Дарсалиеи Леван Бжьаниеи.

Митинг оппозиционных сил у здания Парламента - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымбеи аоппозициа рхаҭарнакцәеи аиҿцәажәаразы еиԥылеит

Лаҵара 2 рзы аоппозицитә мчқәа апресс-конференциаҿы ирыларҳәеит Аслан Бжьаниа атәыла ахадак иаҳасабала ихьӡ рҳәараны ишыҟоу азы.

Лаҵара 16 рзы аҳәамҭа ҟаҵан Аслан Бжьаниа ишьа артут аланы ишышьақәыргыло, уи иаанаго ашҳамыркра шизуз ауп ҳәа. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа алхрақәа рыҿҳәара инахазарц ажәадгала ҟарҵеит.

Лаҵара 17 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак еиҿнакааит агәыԥ ҷыда, лаҵара 20 инаркны урыстәылатәи апрокуратура аусзуҩцәа алархәны иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа.

Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0