Шәыцхыраара ҳҭахуп: Афонд "Ашана" аԥареизгара хацнаркит

© SputnikАфонд "Ашана" аԥареизгара хацнаркит
Афонд Ашана аԥареизгара хацнаркит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" аԥареизгара хацнаркит фышықәса зхыҵуа Леон Қриеи ԥшьышықәса зхыҵуа Амир Ҳалуашьи рзы.

Ахәыҷқәа ирыхҭынхьаауа, бзиа ирбо, иззыԥшу атәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik акорреспондент иматериал аҿы.

Бадри Есиава, Sputnik

Агәыӡера инхо, фышықәса зхыҵуа Леон Қриа зажәа иазхәыцуа хәыҷуп, ус баша-маша ицәажәо дреиуам.

Акультура-гәыҳалалратә фонд Ашана Наала Аҩӡыԥҳа, Николь Хачатуриан, Сандра Инаԥшьԥҳа рзы аԥареизгара хацнаркуеит. - Sputnik Аҧсны
"Ашана" хҩык аиҩызцәа рзы аԥареизгара хацнаркуеит

Ажурналистцәа, егьа ҳҽаҳшәазаргьы, баша даҳҿаччеит ауп, уаҳа ажәак ҳзимырҳәеит.

Леон иан Шьазина Қриаԥҳа ухәмарла ҳәа шиалҳәазгьы, иара иқәлацәа рыцҟазаара аасҭа аҵкы иаҵәа зшәны ауаргьыла иантәалаз аӡӷаб хәыҷ илаԥш лыдырхаланы дтәан.

Аха маҷ-маҷ Леон ихәмаруаз ахәыҷқәа иҽрыдихало далагеит. Ҩынтә-хынтә раҟарагьы иҟарҵоз рыцҟаиҵеит.

Ахәыҷы имцәажәара иҟазшьа акәӡам изыхҟьаз, уи зыхҟьо ичымазароуп.

© SputnikЛеон Қриа
Шәыцхыраара ҳҭахуп: Афонд Ашана аԥареизгара хацнаркит - Sputnik Аҧсны
Леон Қриа

2019 шықәса рзы Москватәи ахәышәтәырҭақәа руак аҿы Леон изықәдыргылеит адиагноз: "ахшыбаҩ адисфункциа маҷ". Шьазина лажәақәа рыла, Леон ихәышәтәра иалагаанӡа иажәақәа даара иԥкын. Уажәы уи аҳәоуқәагь еидиҳәалоит, аха макьаназы игәабзиара ашьақәыргылара акраҭахуп.

"Акраамҭа ихьуаз ҳзышьақәыргыломызт. Афонд "Ашана" аҟынтә Москваҟа ҳхы дырхеит. Уаҟа иқәдыргылаз адиагноз "ахшыбаҩ адисфункциа маҷ" ҳәа хьӡыс иамоуп", - лҳәоит ан.

Афонд Ашана - Sputnik Аҧсны
Астудиа "Ассоль" афонд "Ашана" зхылаԥшуа ахәыҷқәа аспектакль рзықәнаргылоит

Ахәыҷы игәамбзиара ҭҵааны амедицина аусзуҩцәа Леон ихәышәтәра шалшоз рҳәеит, аха убри аан аамҭа агара ҟалом.

Ес 4-5 мзы дыҭҵаалатәуп, ахәышәтәрагь дахыслароуп.

Шьазина агәра лгоит Леон дыбзиахап ҳәа.

Леон бзиа ибоит автомашьынақәа, асахьаҭыхра, лассы-лассы амикрофон ахьааникыло азы ашәаҳәарагьы бзиа ибоит ҳәа илшьоит ан.

Амир Ҳалуашь ды-Гәдоуҭатәуп. Даниуаз имаҷымкәа ачымазарақәа ициит. Бжьымз анихыҵуаз краснодартәи аҳақьымцәа ишьақәдыргылеит ихшыҩ аӡы шамоу, аепилепсиеи ахәыҷтәы церебралтә даблеи шимоу.

Иара дызныҟәаӡом. Иан лнапы дакызароуп. Ҳаҟанаҵ амультфильм "Маша и Медведь" дахәаԥшуан. Иан Хатуна Ԥасаниа илҳәоит ахәыҷы иалкааны аклассикатә музыкеи кавказтәи ашәақәеи бзиа ибоит ҳәа.

Медицинское обследование подопечных БОО Киараз - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" ацхыраара иаҳәоит

Хатуна илҳәеит 2018 шықәса рзы афонд "Ашана" ацхыраарала Амир Урыстәылаҟа хәышәтәра ҳәа дшыргаз. Ҩымчыбжьа ирылагӡаны иубартә иҟалеит аиҭакра бзиақәа.

"Бжьышықәсанӡа нап идаҳкылар, ишьапы дықәгылоит ҳәа агәра ҳдыргоит", - лҳәоит ан, лылаӷырӡ лызнымкыло.

Амир иаҳәшьеиҳаб даара бзиа дибоит. Акраамҭа данимбалак, дышлызгәыкуа убоит. Реиԥыларагьы даара игәырӷьахәуп.

Ҳалуашьаа рҭаацәара Гәдоуҭа инхоит. Уаанӡа ауадаҩрақәа рымазаргьы, уажәы Гәдоуҭа ақалақь аҿгьы ареабилитациатә центр аадыртит. Амир ес-хымз уи даҭаалароуп.

Леона Қриеи Амир Ҳалуашьи рзы еизгатәны иҟоуп 346 000 мааҭ аԥара.

Ажәабжьқәа зегьы
0