Аԥсны Апарламент алхрақәа рыҿҳәара анахаразы аӡбра аднакылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Апарламент
Аԥсны Апарламент  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент аилатәара мҩаԥысит лаҵара 29 рзы. Аилатәараҿы иалацәажәан атәыла ахада иалхра аҿҳәара аиҭакра.

АҞӘА, лаҵара 29– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент алхрақәа рыҿҳәара анахаразы аӡбра аднакылеит. Алхрақәа рымҩаԥысра арыцхә ҳәа ишьақәдыргылеит нанҳәа 25. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит адепутат Лаша Ашәба.

Атәыла ахада иалхрақәа рыҿҳәара анахараз Апарламент аԥхьа амитинг - Sputnik Аҧсны
Апарламент аҿы абжьыҭирахь инаргоит алхрақәа ррыцхә анахара азҵаара

Апарламент адепутатцәа 30 рҟынтәи 25-ҩык абри иақәшаҳаҭхеит. Аӡбра адкыларазы иаҭахны иҟан 24 бжьы.

"Апарламент асессиа асааҭ 12 ҟалаанӡа иалагеит. Адепутатцәа рыбжьара хшыҩзышьҭрала аилацәажәарақәа мҩаԥган. Аҵыхәтәан бжьеиҳала аӡбра ҳадаҳкылеит", - иҳәеит Ашәба.

Уаанӡа Sputnik аинтервиу азҭаз адепутат Баҭал Аиба аҳәамҭа ҟаиҵеит алхрақәа рнахара дшадгыло азы. Уи иажәақәа дрыдгылеит адепутат Омар Џьинџьолиа.

"Аоппозициаа аелекторат ду шрымоугьы раԥхьагыла дыҟам уҳәар ауеит. Ариаҟара ауаа азыҟаҵамкәа алхрақәа рахь анеира иашам ҳәа иазысыԥхьаӡоит. Абасеиԥш агәаанагар имоуп атәыла ахадагьы", - иҳәеит иара.

Лаҵара 20 рзы атәыла аиҳабыра рхыбрақәа рҿаԥхьа аоппозициа адгылаҩцәа еизеит алхрақәа ԥхынгәы 21 иахыганы ҭагалан ахь ииагазарц.

Апарламент асессиа ҷыда мҩаԥнагеит абри азҵаара аҭыԥ ақәҵаразы.

Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

Жәлар Реизара амшхәаԥштә азҵаараҿы иқәгылан: "Аԥсны Апарламент ақәҵара "Аԥсны ахада иалхразы" аԥыхрази "Аԥсны ахада иалхрақәа рыҿҳәара ашьақәыргыларази"; "Аԥсны Аҳәынҭқарра аконституциатә закәан "Аԥсны азакәан "Аԥсны ахада иалхразы" ахәҭаҷ 6 ахь амаратори алагаларазы апроект азы".

Абжьыҭира иалагеит аҩбатәи апункт ала. Иахәҭаны иҟаз 24 бжьы рцынхәрас 14-ҩык адепутатцәа абир иақәшаҳаҭхеит. Абас ала иааныжьын арыцхә – 2019 шықәса, ԥхынгәы 21.

Абри ашьҭахь, лаҵара 21 рзы аоппозициаа ирыдыркылеит атәыла ахада иажәалагала: алхрақәа рыҿҳәара ԥхынгәы 21 аҟынтәи нанҳәа 25 ахь ииагазарц.

Рауль Ҳаџьымба лаҵара 22 рзы Апарламент ахь ирыдигалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхразы" аконституциатә закәан аԥсахрақәа алагалазарц Азакәан апроект.

Апроект иазыԥхьагәанаҭоит алхрақәа рыҿҳәара атәыла ахада инапынҵақәа анышьҭеиҵонӡа ҩымз рҟынтәи мызк аҟынӡа реиҵатәра.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0