Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов Аԥсны аҳаҭыртә тәылауаҩ ҳәа ахьӡ ихҵоуп

© Sputnik / Наталья Айриян / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анатоли Бибилов 2017 шықәса мшаԥымзазы Аахыҵ Уаԥстәыла ахадас далырхит.

АҞӘА, лаҵара 28 – Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов "Аԥсны аҳаҭыртә тәылауаҩ" ҳәа ахьӡ ихҵаразы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба лаҵара 28 рзы.

"Аԥсны-Аахыҵ Уаԥстәылатәи аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы илагаламҭа ду ази Аахыҵ Кавказтәи арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рырӷәӷәарази Бибилов Анатоли Илиа-иԥа ихҵазааит аҳаҭыртә хьӡы "Аԥсны аҳаҭыртә тәылауаҩ", - аҳәоит Аусԥҟа атекст аҿы.

Анатоли Бибилов 2017 шықәса мшаԥымза 10 азы Аахыҵ Уаԥстәыла ахадас далырхит.

Анатоли Бибилов атәыла ахада иалхрақәа маншәалан ицарц рзеиӷьеишьеит аԥсуаа

Атәыла ахадас ркандидатурақәа ықәгылан: Апарламент аиҳабы Анатоли Бибилов, атәыла ахада Леонид Тибилов, Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩ Алан Гаглоев.

Ажәабжьқәа зегьы
0