Ахәыҷқәа рыхьчара амшныҳәа мҩаԥгахоит Аԥсны

© Sputnik / Томас ТхайцукДень защиты детей
День защиты детей - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷқәа рыхьчара амшныҳәазы ирыдныҳәалараны иҟоуп агәыҳалалратә фонд "Ашана", ацентр "Проспект", ансамбль "Иааирума", Жәларбжьаратәи афонд "Аԥсны" , Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс.

АҞӘА, лаҵара 31 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Агәыҳалалратә акциақәа, анимациақәа, аконцертқәа мҩаԥгахараны иҟоуп Аԥсны аԥхын раԥхьатәи амш азы.

Афонд Ашана - Sputnik Аҧсны
Астудиа "Ассоль" афонд "Ашана" зхылаԥшуа ахәыҷқәа аспектакль рзықәнаргылоит

Аҟәа аныҳәа азгәаҭара иалагоит лаҵара 31 рзы. Асааҭ 13:00 рзы ацентр "Проспект" аҿы ажурналистцәеи активистцәеи раԥшьгаратә гәыԥ имҩаԥгараны иҟоуп ахәыҷқәа рызҵаарақәа знапы алаку ауаажәларратә еиҿкаарақәа рцәыргақәҵа. Иара убасгьы имҩаԥгахоит ахәыҷқәа рзинқәа ирызкыз ажурналистцәа ҿарацәа реиндаҭлара аихшьаалаҟаҵара.

Асааҭ 18:00 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы иқәгылоит ансамбль "Иааирума".

Рашәара 1 азы акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" имҩаԥнагоит акциа "Ахәыҷра аныҳәа. Иҳалалу акартош" ақьафурҭақәа "А-бургер" рҿы.

Ауснагӡатә аадыртуеит "Сухум-маркет" иҟоу ақьафурҭа аҿы асааҭ 12:00 рзы. Уи адагьы асааҭ 12:30 - 14:30 рзы ахәыҷқәа зырлахҿыхуа ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит.

Иара убасгьы изҭаху рзы еиҿкаахоит алотареиа.

Арухаа агәыҳалалратә концерт азы: иаҳҿыԥшны ахәыҷқәа ацхыраара рызҭо ҟалар ҳҭахуп

Асааҭ 16:00 - 19:00 рзы акциа иацҵахоит "Брехаловка" аҿы. Асааҭ 16:30 - 17:30 рзы ахәыҷқәа рзы анимациатә программа еиҿкаахоит, иқәгылоит ансамбль "Каданс".

Ахәыҷқәа ирыдныҳәалоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгрессгьы. Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа асааҭ 18:00 рзы имҩаԥгахоит еиуеиԥшым ахәыҷы хәмаррақәа.

Афонд "Ашана" апартниорцәа ҩынтәуп абри акциа Ахәыҷқәа рыхьчара амш азы Аҟәа имҩаԥыргоижьҭеи.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0