Владимир Делба ишәҟәы Искандер ихьӡ зху аԥхьахә аиуразы асиа кьаҿ ианылеит

CC0 / / Ашәҟәы
Ашәҟәы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә аиҿкааратә еилаки ажиурии ирыларҳәеит 2019 шықәсазы аноминациақәа "апроза", "апоезиа", "акиносценарии адраматургиеи" ирыҵаркыз арҿиамҭақәа.

АҞӘА, рашәара 20– Sputnik. Владимир Делба ирҿиамҭақәа реизга "Звездная пыль моих воспоминаний" Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә азы асиа кьаҿ ианылеит.

"Аизга иануп ановеллақәа хԥа. Дара сара сгәалашәарақәа ирылхуп. Иҟоуп ҳџьынџьтәылатә еибашьра аӡбахәгьы. Уи маҷк аромантикатә цәа аҟәнуп. Избанзар аибашьра иагьтрагедиоуп, иагьдрамоуп", - еиҭеиҳәоит автор Владимир Делба.

Иара иҳәеит агәыӷра шимаз аизга "Звездная пыль моих воспоминаний" асиа кьаҿ ианылар ҳәа дышгәыӷуаз.

Фазиль Искандер 70-шықәса ихыҵра аиубилеи, Москва - Sputnik Аҧсны
Адәыӷба №6: Искандер изы даҽа вагонк

"Аиндаҭлара иалахәу дарбанызаалак дгәыӷуеит. Аиндаҭлара даара аҩаӡара ҳаракуп. Инарҭбаау асиа алашәарагьы аҵакы аманы иҟан. Асиа кьаҿ алашәара - уи гәадуроуп. Аиҳаракгьы ҳара, Аԥснытәиқәа ҳзы", - иҳәоит ашәҟәыҩҩы.

Фазиль Искандер ихьӡ зху апремиа шьаҭанаркит Урыстәылатәи ПЕН-центр. Аԥхьатәи аиндаҭлараз аусумҭақәа рыдкылара хацыркын ԥхынҷкәын 1, 2016 шықәса рзы.

2017 шықәса рзы Витали Шариеи Ричард Чкадуаеи Искандер ихьӡ зху аԥхьахә аҳаҭыртә дипломқәа ранашьан.

Фазиль Искандер ихьӡ зху амҩа ҟалоит Аҟәа>>

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6, 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест — "Созвездие Козлотура". Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа). Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0