Аԥсыршьага ҭыԥ: Гагра агәашьаркыра ҿыц аргылара иаҿуп

© Foto / Саида ЖибаГагра агәашьаркыра аргылара
Гагра агәашьаркыра аргылара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра амшын аԥшаҳәаҟны агәашьаркыра ҿыц аргылара иалагеит.

АҞӘА, рашәара 21 - Саида Жьиԥҳа, Sputnik. Ааигәа Гагра араион анапхгара аԥшьгарала ақалақь амшын аԥшаҳәаҟны агәашьаркыра ҿыц ("колоннада" - аред.) аргылара ишалагаз атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит, араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Геннади Ҵәыџьба.

Ҵәыџьба: ӡынгьы-ԥхынгьы асасцәа рыдкылара ҳазыхиоуп>>

Аиааира ашҭа авара, амшын аԥшаҳәаҟны аргылара иалагеит агәашьаркыра ҿыц. Араион Ахадара ахаҭарнакцәа, апроект аԥҵаҩцәа иазырӡбеит еихшоу 540 ԥшьыркца метр ичаԥоу ахаҳә аҿы, жәметрак иҟоу ашьаҟақәа хәбеи, убас быжьметрак инаӡо ҩшьаҟаки ықәыргыланы, анеирҭақәа бжьаҵаны, агәҭаны абырлаш зҭоу, ҩ-метрак ахагьежьаара змоу амыдаӷьцә шьақәыргыланы, аобиект наҟ-ааҟ аҟәардәқәа аваргыланы аҟаҵара. Хымԥада ари аҵакыра еиҿкаахоит, еиҭаҳахоит иахәҭоу аиаҵәара, инагахоит алашарбагақәа.

© Foto / Саида ЖибаГагра иҟало агәашьаркыра апроект
Аԥсыршьага ҭыԥ: Гагра агәашьаркыра ҿыц аргылара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Гагра иҟало агәашьаркыра апроект

Аргыларақәа рышьҭахь агәашьаркыра арбахоит "Уахынлатәи Гагра" захьӡу аекскурсиатә хырхарҭаҿы. Арантәи аҭыԥантәи ауааԥсыреи асасцәеи ироуеит алшара амшын ихыԥшыло аҳауа цқьа лбаадо рхы-ргәы аԥсы аршьара.

"Агәашьаркыра аргылара хҳарқәшарц ҳгәы иҭоуп ԥхынгәы 23-нӡа. Уи аҽны, Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш аназгәаҳҭо, официалла иааҳартыр асимволтә ҵакы аиуан. Хьӡыс иахаҳҵогьы убраҟа ажәлар ирылаҳҳәон", - ҳәа азгәеиҭоит Геннади Ҵәыџьба.

Агәашьаркыра ргылахоит Гагра араион Ахадара амчала, атәыла анапхгара адгыларала.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0