Ақаҩба аҭынчреиқәырхаҩцәа рмиссиазы: изыԥсахуа ыҟамызт

© Sputnik / Бадрак АвидзбаДаур Ақаҩба
Даур Ақаҩба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астол гьежь "Хотят ли русские войны?" аатит Аҟәа, ахәаша, рашәара 28 рзы. Астол гьежь алахәылацәа русура аламҭалаз инеит 1994-2008 шш. рзы Аԥсны аҭынчреиқәырхара мҩаԥызгоз аруаа рбаҟахьы ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵаразы.

АҞӘА, рашәара 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба аҭынчреиқәырхаҩцәа рмиссиазы: "Изыԥсахуа аҽак ыҟамызт аимак аҭыԥ аҿы аҭынчреиқәырхара амҩаԥгаразы", - иҳәеит астол гьежь амҩаԥысраан иқәгылараҿы.

"Исгәалашәоит усҟан Қарҭи Европатәи тәылақәаки рҟынтәи агәаанагарақәа шыҟаз Урыстәылатәи аконтингент НАТО, Украина, егьырҭ атәылақәа рырратә мчрақәа рыла иԥсахзарц. Аха Аԥсны ибзианы еилыркаауан урыстәылатәи аруаа заҵәык шракәыз Аԥсны аҭынчра аҳра ауртә иҟазҵар зылшоз", - иҳәеит Ақаҩба.

Аминистр иазгәеиҭеит аҭынчреиҿкааратә миссиақәа иахьа аҵак ду шрымоу еиуеиԥшым аимактә регионқәа рҿы. Иара убри аан аԥышәа иаанарԥшуеит урҭ зегьы неибанеиԥшны аҭынчра ашьақәыргылара ишазыхиам ҳәа азгәеиҭеит иара.

Астол гьежь Хотят ли русские войны? - Sputnik Аҧсны
Аҟәа имҩаԥысит аҭынчреиқәырхаҩцәа рмиссиа иазку астол гьежь "Хотят ли русские войны?"

"Исҳәар сҭахуп Аԥсны урыстәылатәи аруаа рмиссиа хра аманы ахы шымҩаԥнагоз. 1994 шықәса рзы ихацыркыз аоперациа иалнаршеит абџьармца аанкылара, усҟантәи аамҭазы Аԥсныи Қырҭтәылеи рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара", - иҳәоит аминистр.

Астол гьежь "Хотят ли русские войны?" еиҿкаан аҭынчреиқәырхаҩцәа-аветеранцәа, Аԥсны анапхгара, ИАР атәылақәа ринститут раԥшьгарала. Арахь иааԥхьан – Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, аԥыза-министр Валери Бганба, апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Константин Затулин.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0