Затулин: Урыстәыла Қырҭтәыла агха аныҟанаҵоз иаԥырхагамхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКонстантин Затулин
Константин Затулин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсныи Урыстәылаҟа ааԥхьара ҟарҵеит рхьыԥшымра азханаҵарц Цхинвал иҟалаз аибашьра ашьҭахь нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Дмитри Медведев арҭ ареспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

АҞӘА, рашәара 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Урыстәыла Қырҭтәыла ахарамхәыцра иаԥырхагамхеит. Уи ахарамхәыцроуп Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵарахьы икылызгазгьы иҳәеит ИАР атәылақәа русқәеи, евразиатәи аинтеграциеи, аџьынџьуаа реимадареи рзы Урыстәыла аҳәынҭқарратә Дума аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Константин Затулин Аҟәа, ахәаша, рашәара 28 рзы аусура иалагаз астол гьежь "Хотят ли русские войны?" аҟны, Цхинвалтәи ахҭысқәа игәаларшәо.

"Рузвельт Пиорл-Харбор ишажәлоз шизымдыруаз еиԥш Урыстәыла аԥыза-министр Владимир Путингьы Қырҭтәыла агәҭакы издырамызт. Аха убри аан ҳара урҭ иҟарҵоз агха ҳаԥырхагамызт", - иҳәеит Затулин.

Даур Ақаҩба  - Sputnik Аҧсны
Ақаҩба аҭынчреиқәырхаҩцәа рмиссиазы: изыԥсахуа ыҟамызт

Астол гьежь "Хотят ли русские войны?" еиҿкаан аҭынчреиҿкааҩцәа-аветеранцәа, Аԥсны анапхгара, ИАР атәылақәа ринститут раԥшьгарала. Арахь иааԥхьан – Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, аԥыза-министр Валери Бганба, Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа, Урыстәыла аҳәынҭқарратә Дума аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Константин Затулин.

Нанҳәа 8, 2008 шықәса рзы Қырҭтәыла арратә операциа иалагеит Аахыҵ Уаԥстәыла аконституциатә зинеиҿкаара ашьақәыргылара ҳәа хьӡыс иаҭаны.

Уи ауха Аԥснынтәи хатәгәаԥхарала гәыԥҩык аибашьцәа Аахыҵ Уаԥстәылаҟа идәықәлеит, ҳар ракәзар, Қырҭтәыла аҳәаа рҽадырхалеит. Адырҩаҽны Нхыҵ Уаԥстәыла Урыстәылахь аҳәара ҟанаҵеит рашьцәа ауаԥсцәа ирыцхраарц.

Аиҿагылара цон нанҳәа 12 рҟынӡа. Нанҳәа 14 - 16 рзы Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла Урыстәыла рхадацәа аимак ҭынчла аҭышәныртәалараз аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0