Апартиа "Амцахара" Алхас Кәыҵниа икандидатура ықәнаргылеит атәыла ахадас

© Sputnik / Томас ТхайцукАлхас Квициния
Алхас Квициния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥхьанатә иазыԥхьагәаҭан Аслан Бжьаниа икандидатура ақәыргылара, аха уи игәамбзиара иахҟьаны апартиа "Амцахара" ахьӡала Алхас Кәыҵниа икандидатура ықәнаргылеит атәыла ахадас.

АҞӘА, ԥхынгәы 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аполитикатә партиа "Амцахара" изаамҭанытәим XI аизара ду аҟны, ԥхынгәы 10 рзы атәыла ахадас ҳәа иӡбахә рҳәеит Алхас Кәыҵниа.

ААК ашәҟәы иҭанагалеит акандидатцәа ралхразы раԥхьатәи аԥшьгаратә гәыԥқәа - Sputnik Аҧсны
ААК ашәҟәы иҭанагалеит акандидатцәа ралхразы раԥхьатәи аԥшьгаратә гәыԥқәа

Аизара ду аартуа апартиа "Амцахара" ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Рамаз Џьопуа иазгәеиҭеит аоппозициатә мчқәа Реидгыла аԥхьагыла Аслан Бжьаниа икандидатура ықәдыргылараны ишыҟаз, аха уи игәамбзиара иахҟьаны апартиа "Амцахара" ахьӡала Алхас Кәыҵниа икандидатура ықәдыргылеит атәыла ахадас ҳәа.

Абжьыҭира мҩаԥысит еицҿакрыла.

Алхас Кәыҵниа иҳәеит иара атәыла ахадас далырхыр иусураҿы Аслан Бжьаниа аус здиулаз Аԥсны аҿиаразы апрограмма дықәныҟәараны дшыҟоу.

Аизара ду иалахәын 500-ҩык аделегатцәа. Аизараҟны иаԥхьеит аоппозициатә мчқәа Реидгыла аԥхьагыла Аслан Бжьаниа иааишьҭыз ашәҟәы. Ашәҟәаҿы Бжьаниа иазгәеиҭоит иқәыргылоу акандидатура дшадгыло, аиҿкаара ақәҿиарақәа азеиӷьеишьеит.

Алхас Кәыҵниа аполитикатә партиа "Амцахара" ахантәаҩыс далхын апартиа изаамҭанытәим VI аизара ду аҿы, жьҭаара 21 2015 шықәса рзы.

© Sputnik / Томас ТхайцукСъезд партии "Амцахара"
Апартиа Амцахара Алхас Кәыҵниа икандидатура ықәнаргылеит атәыла ахадас - Sputnik Аҧсны
Съезд партии "Амцахара"

Рашәара 26 рзы ашәҟәы иҭагалан Алмас Џьапуа икандидатура ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥи Леонид Ӡаԥшьба икандидатура ықәзыргыло аполитикатә партиа "Акзаареи".

Рашәара 27 рзы ашәҟәы иҭагалан Асҭамыр Какалиа икандидатура ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ, рашәара 28 рзы - Асҭамыр Ҭарбеи Асҭамыр Оҭырбеи ркандидатурақәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәа.

Ԥхынгәы 1 азы ашәҟәы иҭагалан аполитикатә партиа "Аԥсны Акзаара", ԥхынгәы 2 рзы – аполитикатә партиа "Амцахара".

алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа: аҽазыҟаҵарақәеи, аԥсахрақәеи

Ԥхынгәы 3 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада иҭанаҩит Аԥсны ахадарахьы Олег Аршбеи Шамиль Аӡынбеи ркандидатурақәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәа ҩба.

Ԥхынгәы 4 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҟны ашәҟәы иҭарҩит Аԥсны ахадарахьы акандидатс Рауль Ҳаџьымба иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ,

Ашәҟәқәа АКХ ианаднакыла ашьҭахь, жәамш урҭ ҭнаҵаауеит. Акандидатцәа рҭаҩра ԥхынгәы 25 иахымгакәа имҩаԥгатәуп.

Атәыла ахадарахьы акандидатцәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәа рҭаҩразы иаҭахуп 10-ҩык ауаа, урҭ зегьы дара рхаҭара шьақәзыргыло адокументқәа ааргароуп. АКХ урҭ ирынаҭоит ахадарахьы акандидат иҭаҩразы иаҭаху адокументқәа рсиа.

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 25, 2019 шықәса рзы. Ахада далырхуеит ҿҳәарас ҳәа хәышықәса иҭаны. Убри аан инеиԥынкыланы ҩынтә иеиҳаны иалхра ҟалом. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ. Азакәан инақәыршәаны агитациатә аамҭа ҳәа иԥхьаӡоуп акандидат данҭарыҩ инаркны абжьыҭара амш аҟынӡа (абжьыҭара амш аҿны агитациа аҟаҵара ҟалом - аред.). Ареспублика иахьаҵанакуа алхрақәа рымш аҽны аус рулоит 152 алхырҭатә ҭыԥ.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит Аԥсны атәылауаҩ, милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи ахәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо.

Аԥхьанатә Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟан 2019 шықәса ԥхынгәы 21 рзы. Аха, лаҵара 20 рзы атәыла аиҳабыра рхыбрақәа рҿаԥхьа аоппозициа адгылаҩцәа еизеит алхрақәа ԥхынгәы 21 иахыганы ҭагалан ахь ииагазарц.

Президент Республики Абхазия Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит алхрақәа рыҿҳәара анахаразы Аконституциа азакәан аԥсахрақәа

Апарламент асессиа ҷыда мҩаԥнагеит абри азҵаара аҭыԥ ақәҵаразы.

Жәлар Реизара амшхәаԥштә азҵаараҿы иқәгылан: "Аԥсны Апарламент ақәҵара "Аԥсны ахада иалхразы" аԥыхрази "Аԥсны ахада иалхрақәа рыҿҳәара ашьақәыргыларази"; "Аԥсны Аҳәынҭқарра аконституциатә закәан "Аԥсны азакәан "Аԥсны ахада иалхразы" ахәҭаҷ 6 ахь амаратори алагаларазы апроект азы".

Абжьыҭира иалагеит аҩбатәи апункт ала. Иахәҭаны иҟаз 24 бжьы рцынхәрас 14-ҩык адепутатцәа абир иақәшаҳаҭхеит. Абас ала иааныжьын арыцхә – 2019 шықәса, ԥхынгәы 21.

Абри ашьҭахь, лаҵара 21 рзы аоппозициаа ирыдыркылеит атәыла ахада иажәалагала: алхрақәа рыҿҳәара ԥхынгәы 21 аҟынтәи нанҳәа 25 ахь ииагазарц.

Рауль Ҳаџьымба лаҵара 22 рзы Апарламент ахь ирыдигалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхразы" аконституциатә закәан аԥсахрақәа алагалазарц Азакәан апроект.

Апроект иазыԥхьагәанаҭоит алхрақәа рыҿҳәара атәыла ахада инапынҵақәа анышьҭеиҵонӡа ҩымз рҟынтәи мызк аҟынӡа реиҵатәра.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0