Москватәи асахьаркыратә театр аҟәатәи асценаҿы аспектакль ықәнаргылоит

© Foto / cultureАспектакль "Пролетный гусь"
Аспектакль Пролетный гусь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Чехов ихьӡ зху Москватәи асахьаркыратә театр (МХТ) аспектакль "Пролетный гусь" РУСДРАМ аҟны идырбахоит цәыббра 11 - 12 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Чехов ихьӡ зху Москватәи асахьаркыратә театр (МХТ – азгә.) гастроль ҳасабла Аԥсныҟа иаауеит аспектакль "Пролетный гусь" аманы ҳәа еиҭеиҳәеит РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба аԥшьаша, ԥхынгәы 11 рзы имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы.

"Атәыла ахада иалхрақәа рышьҭахь, цәыббрамзазы ҳтеатр аҟны имҩаԥысраны иҟоуп МХТ агастрольқәа. Атеатр арахь иаауеит Урыстәыла акультура аминистрра апрограмма "Большие гастроли" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Иаҳзааргоит аспектакль "Пролетный гусь". 2004 шықәса рзы ари аспектакль Урыстәыла аҳәынҭқарратәи аԥхьахә анашьан. Уи аҵакы даара иаҳзааигәоуп, избанзар уа иаарԥшуп аибашьраан аџьабаа збаз аруаа аибашьра ашьҭахьтәи рыԥсҭазаашьа", - иҳәоит Хынҭәба.

Аҭыԥи аспектакли реилаӡҩара: "Ҳаџьы-Мураҭ" Иаснаиа Полианаҿ идырбан>>

Чехов ихьӡ зху Москватәи асахьаркыратә театр аспектакль "Пролетный гусь" РУСДРАМ аҟны идырбахоит цәыббра 11 - 12 рзы. Абилеҭқәа рыҭира иалагоит ԥхынгәы 12 инаркны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0