Германиатәи атурнир аҿы Амина Аншԥҳаи Анастасиа Детиуки аиааира ргеит

© из личного архива Амины аншбаТеннисистка Амина Аншба
Теннисистка Амина Аншба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥқьаҭ ду азы атурнир ITF W60 (аԥхьахәтә фонд 60 нызқь доллар) мҩаԥысуан Германиа, ақалақь Ферсмольде аҿы ԥхынгәы 8 - 14 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 15 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥснытәи аԥкьаҭасыҩ Амина Аншԥҳаи чехиатәи аспортсменка Анастасиа Детиуки атурнир ITF W60 аҿы аиааира ргеит ҳәа аалыцҳауеит аспортсменка лан, Емма Кәартааԥҳа.

Амина Аншԥҳа Сардиниа атурнир аҿы аҩбатәи аҭыԥ нылкылеит

"Таим-бреик аҿы дара ирылшеит нидерландиатәии индиатәии аицықәгылаҩцәа риааира. Сынтәа, Амина лзы ари раԥхьатәи иааироуп", - лҳәоит лара.

Аԥкьаҭ ду азы атурнир ITF W60 (аԥхьахәтә фонд 60 нызқь доллар) мҩаԥысуан Германиа, ақалақь Ферсмольде аҿы ԥхынгәы 8 - 14 рзы.

Амина Аншԥҳа 2013 шықәса рзы 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа рыбжьара Европа дачемпионхеит, акыр жәларбжьаратәи турнирқәа Бельгиа, Германиа, Швеицариа, Узбекистан, Ҭырқәтәыла, Урыстәыла. Имҩаԥысуаз рҟны 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахьалахәыз аиааирақәа лгахьеит. 2016 шықәса рзы 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара Европа дачемпионхеит.

Иара убасгьы дрылахәын атурнирқәа: "Большои Шлем": US Open (ЕАА), Roland Garros (Франциа), Wimbledon (Великобританиа).

Ажәабжьқәа зегьы
0