Аҩбатәи аетап: алхратә комиссиа аусурақәа ирыцнаҵоит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРеферендум о досрочных выборах президента Абхазии
Референдум о досрочных выборах президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла ахадас акандидатцәа рҭаҩра шымҩаԥысыз, Алхратә комиссиа хада уадаҩрақәас изықәшәаз, макьаназы иҟаҵатәны иҟоу шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.

Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Ԥхынгәы 16 – атәыла ахадас акандидатцәа рҭаҩра аҵыхәтәантәи мшуп. Ацентртә алхратә комиссиа ашәҟәқәа аднакылоит асааҭ 18:00 рҟынӡа. Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа иажәақәа рыла ԥхынгәы 16 рзынӡа иахәҭаны иҟаз ашәҟәқәа ааргахьеит аԥшьгаратә гәыԥқәа хәба.

алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Алхратә комиссиа хада аҳәаанырцә алхратә ҭыԥқәа хԥа аанартуеит

Аполитикатә партиақәа рҟынтәи иахәҭоу ашәҟәқәа: апартиа аҭаҩразы арзаҳал, аилатәара аԥкаанҵа, анотариус ишьақәирӷәӷәаз аиустициа аминистрраҿы аҭаҩра ахкьыԥхьаа, атәыла ахадас иқәгылои ихаҭыԥуаҩи рырзаҳал, рхашәалақәа рдырранҵа, ахадас иқәгылои ихаҭыԥуаҩыс иқәгылои рнысымҩа.

"Аԥшьгаратә гәыԥқәа еизыргароуп 2000 иреиҵамкәа аха 2500 иреиҳамкәа анапынҵамҭақәа. Абри аан аилатәара аԥкаанҵа аҭахны иҟам", - иҳәеит Гогьиа.

Ашәҟәқәа АКХ ианаднакыла ашьҭахь, жәамш урҭ ҭнаҵаауеит. Акандидатцәа рҭаҩра ԥхынгәы 25 иахымгакәа имҩаԥгатәуп.

"Акандидатцәа зегь рганахь ала аусутә гәыԥ аҭаҩразы аӡбра аднакылароуп. Еилагарак ыҟан иҟазар имзызырку аҭак ала аҭаҩра мап ацәкхоит", - иҳәеит иара.

Ашәҟәқәа аԥҟарақәеи аҭахрақәеи ирықәымшәозар АКХ азинхьчаратә усбарҭақәа рахь инарышьҭыр алшоит.

"Акандидат еиԥымҟьарыда инхаразы азыҳәа наҳашьҭыр алшоит. Иара убасгьы иахәҭаны иаабозар, анапынҵамҭақәа аҩымҭаҭҵааратә експертиза иахҳажьыр ауеит", - иҳәоит Гогьиа.

АКХ иаднакылеит аӡбра акандидатцәа рхашәала атекст акьыԥхьразы.

ЦИК  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны алхратә комиссиа хада ашәҟәҭаҩрақәа хнаркәшоит

"АКХ асеиԥш аӡбра аднакылеит ииасыз алхрақәа раан избанзар ауааԥсыра ирдыруазароуп акандидатцәа рзы инарҭбаау аинформациа", - ациҵеит иара.

Раԥхьаӡа акәны алхрақәа ирылахәуп жәаҩык акандидатцәа.

"Алхратә биуллитенқәа рзы ауадаҩрақәа аҵоуп. Ашрифт маҷ алхыҩцәа зегьы рзы иманшәалам. Арахь иҟоу аформат уҽҭоумгӡар абиуллитень духоит. Иҟалоит аҳәара ҟаҳҵар акандидатцәа рбиографиа ҩ-бызшәак рыла иҟоу ԥсаххарц. Уи азин ҟарымҵар абиуллитень акыр ахышәа-ҵышәа духоит", - иҳәеит иара.

АКХ ԥхынгәы 26 рышьҭахь акомиссиақәеи алхырҭатә ҭыԥқәеи реиҿкаара иалагоит.

"Иазыԥхьагәаҭоуп жәларбжьаратәи апресс-центр аԥҵара. Иара еиҿкаатәуп, иаахәаәтуп амыругақәа, иадыԥхьалатәуп аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа", - иҳәоит Гогьиа.

Азакәан инақәыршәаны агитациатә аамҭа ҳәа иԥхьаӡоуп акандидат данҭарыҩ инаркны абжьыҭара амш аҟынӡа (абжьыҭара амш аҽны агитациа аҟаҵара ҟалом). Ареспублика иахьаҵанакуа алхрақәа рымш аҽны аус рулоит 152 алхырҭатә ҭыԥ.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит Аԥсны атәылауаҩ, милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи ахәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо.

алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа: аҽазыҟаҵарақәеи, аԥсахрақәеи

Рашәара 26 рзы ашәҟәы иҭагалан Алмас Џьапуа икандидатура ықәзыргылоз аԥшьгаратә гәыԥи Леонид Ӡаԥшьба икандидатура ықәзыргылоз аполитикатә партиа "Акзаареи".

Рашәара 27 рзы ашәҟәы иҭагалан Асҭамыр Какалиа икандидатура ықәзыргылоз аԥшьгаратә гәыԥ, рашәара 28 рзы - Асҭамыр Ҭарбеи Асҭамыр Оҭырбеи ркандидатурақәа ықәзыргылоз аԥшьгаратә гәыԥқәа.

Ԥхынгәы 1 азы ашәҟәы иҭагалан аполитикатә партиа "Аԥсны Акзаара", ԥхынгәы 2 рзы – аполитикатә партиа "Амцахара".

Ԥхынгәы 3 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада иҭанаҩит Аԥсны ахадарахьы Олег Аршбеи Шамиль Аӡынбеи ркандидатурақәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәа ҩба.

Ԥхынгәы 4 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҟны ашәҟәы иҭарҩит Аԥсны ахадарахьы акандидатс Рауль Ҳаџьымба иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ,

Аполитикатә партиа "Амцахара" изаамҭанытәим XI аизара ду аҟны, ԥхынгәы 10 рзы атәыла ахадас ҳәа иӡбахә рҳәеит Алхас Кәыҵниа уаанӡа иазыԥхьагәаҭаз Аслан Бжьаниа игәамбзиара инадҳәаланы.

Аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәеи рҟынтәи рыхьӡ ҳәоуп: Алмас Џьапуа, Асҭамур Какалиа, Асҭамур Ҭарба, Асҭамур Оҭырба, Шамиль Аӡынба, Артур Анқәаб, Олег Аршба, Рауль Ҳаџьымба, Алхас Кәыҵниа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0