Аҵыхәтәантәи аамҭазы атуристцәа зжьо аинтернет-мцҳәаҩцәа рацәаҩхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукОтдыхающие
Отдыхающие  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи аҩымчыбжь Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистррахь идҵаалахьеит 29-ҩык амц иржьаз атуристцәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 17 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҵыхәтәантәи аамҭазы атуристцәа зжьо аинтернет-мцҳәаҩцәа рацәаҩхеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистрра аӡыргареи аинформациатә мҩаԥгареи рыҟәша аиҳабы Саид Аршба.

Автондил Гарцкия. - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гарцкьиа: сынтәа ирацәаҩны аԥсшьаҩцәа раара ҳазыԥшуп, рыдкылара ҳҽазыҟаҳҵароуп

Аҵыхәтәантәи аҩымчыбжь Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистррахь идҵаалахьеит 29-ҩык амц иржьаз атуристцәа.

"Аиҳарак ашшыԥхьыӡқәа ҳауеит ауаҩы ахәҭак ма инхарҭәааны ахәԥса анишәо, ауаа асаит аганахь ала агәыҩбара анрызцәырҵуа. Аиҳаракгьы ауаа адрыԥхьалоит ахәԥса еиҵатәрала. Амцԥаршеицәа еиуеиԥшым асасааирҭақәа рфотосахьақәа ықәдыргылоит, уи агәра згаз атуристцәа амцҳәаҩцәа ирҳәо харҵоит, заанаҵгьы аԥара ршәоит", - иҳәоит Аршба.

Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистрра ашшыԥхьыӡ шаиулак Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь адырра ҟарҵоит. Уа аусҭҵаара хацдыркуеит.

"Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿ асеиԥш иҟоу аусқәа знапы иану ауаа ыҟоуп. Урҭ аинформациа ҭырҵаауеит", - иҳәоит иара.

Уаанӡа абаҩрҵәыреи, аспорти, атуризми, аҿар руси рзы Урыстәыла аҳәынҭқарратә дума аилак ахантәаҩы Михаил Дегтиарев нУрыстәыла ААР асеиԥш иҟоу аинформациа аҭҵааразы ашәҟәы рзынеишьҭхьан. Адепутат 139-ҩык амц иржьаз атуристцәа идҵаалахьан.

Руководитель управления по воспитательной работе МВД Абхазии Леван Кварацхелия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәарцхьиа: аԥсшьаҩцәа ашәарҭадара рзеиҿкааразы ҳусура ҳарӷәӷәеит

"Аԥсны аԥсшьара зҭахыз атуристцәа амц ижьаны аԥара рымырхит. Урыстәыла иахьаҵанакуа аԥсшьарҭақәа еиҳа ирдыруазар аԥснытәи аԥсшьарҭақәа уиаӡара иӡыргам, аԥаршеиуаагьы уи рхы иадырхәоит. Иаԥырҵоит ҵаҵӷәы змам асаитқәа, аԥара еизыргоит. Сара ажәалагала ҟасҵоит ижьоу атуристцәа русқәа зегь акны иахәаԥшызарц. Амцҳәаҩцәа ԥшааны ирыхәҭоу иақәыршәаәтуп", - иҳәеит иара Sputnik аинтервиу анеиҭоз.

Дегтиариов атуристцәа ирабжьигеит еиҳа ргәырҽанызарц.

Раԥхьа иргыланы изызхьаԥштәу аобиект адрес Аԥсны аҵакыраҿ аҟазаара; асаит аҿы инарҭбаау аинформациа аҟазаара роуп. Апортал аҿы иарбазароуп аилахәыраз (аиурист хаҿазы) аинформациа. Амцҳәаҩцәа рдырра алшоит иџьоушьартә иҟоу ахәԥсагырхала. Шамахамзар агырха 25-30% еиҳахаӡом.

Аҿаҵа ахәшәаранӡа Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистррахь аҭел иастәуп.

Атуристцәа ироуеит алшара иргәаԥхаз аобиект азы адыррақәеи аминистрра аофициалтә саит аҿы адыррақәеи реиҿырԥшра. Иахьатәи аамҭазы ареестр иануп 130 сасааирҭа, ԥсшьарҭаҩны, пансионат. Уаҟа иарбахоит ииашоу асаиҭқәеи аҭелқәеи.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0