00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
31 мин
08:30
31 мин
13:00
31 мин
13:30
31 мин
Исторический ликбез
14:04
22 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Санчаратәи акаҵәараҿ имҩаԥгаз аекспедициа аусура аихшьаалақәа ҟарҵеит

© Фото : предоставлено Николаем МедвенскимСанчаратәи акаҵәараҿ имҩаԥгаз аекспедициа аусура аихшьаалақәа ҟарҵеит
Санчаратәи акаҵәараҿ имҩаԥгаз аекспедициа аусура аихшьаалақәа ҟарҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи арра-ҭоурыхтә експедициа "Санчара. Ашьхақәцәатә фронт-2019" мҩаԥысит Ԥсҳәы, ԥхынгәы 10 - 21 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 25 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Жәларбжьаратәи арра-ҭоурыхтә експедициа "Санчара. Ашьхақәцәатә фронт-2019" аихшьаалақәа рыла Ԥсҳәы ақыҭан игылоу Кавказ ахьчаҩцәа рмемориал аҟны ижуп Санчаратәи ахырхарҭаҿ еибашьуаз арҟаԥшьаа рыԥсыбаҩқәа ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аекспедициа алахәыла, Ахьӡ-аԥша амузеи адиректор лхаҭыԥуаҩ Николаи Медвенски.

"Арҟаԥшьаа рыԥсыжырҭақәа ҳрыцқьеит. Чамашьха ахыҵырҭаҿы амемориалтә ӷәы ықәҳаргылеит "Арратә хьӡы-ԥша ахыҵырҭа" ҳәа анҵаны. Араҟа аибашьра ӷәӷәа цон 1942 шықәса цәыббрамзазы", - еиҭеиҳәоит иара.

Медвенски иажәақәа рыла аекспедициа иалахәын урыстәылатәи аҵарауаа. Урҭ аԥснытәи рколлегацәеи дареи акопқәа, абатареиатә позициақәа рыԥшаауан.

"Иаарԥшын иара убасгьы Ахьӡ-аԥша амузеи зырбеиаша артефактқәа: армаҭәа, абџьар", - иҳәеит иара.

Санчаратәи ахырхарҭала имҩаԥгаз аекспедициа иаԥхьанеиуан Урыстәыла атәылахьчара аминистрра архиви Урыстәыла арра-ҭоурыхтә архиви рҿы аусурақәа. Абарҭ архивқәа рҿоуп иахьыҵәаху Санчаратәи ар ргәыԥ адокументқәа.

Медвенски иҳәеит аҭҵааратә усурақәа ҵаҵӷәыс ишрымаз АНА археологиатә комиссиеи "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых-культуратә ҭынхеи рзы" Азакәани шьаҭас измоу Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иунаҭо Иаарту абӷьыц. Ари абӷьыц ада аҭҵааратә усурақәа азакәаншьаҭа рымам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0