Аԥсны АҶА аусзуҩцәа ашьхараҿ зшьапы ԥҵәаз атурист деиқәдырхеит

© МЧС АбхазииАԥсны АҶА аусзуҩцәа ашьхараҿ зшьапы ԥҵәаз атурист деиқәдырхеит
Аԥсны АҶА аусзуҩцәа ашьхараҿ зшьапы ԥҵәаз атурист деиқәдырхеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА аусзуҩцәа ашьхараҿ, Хьымса ахыҵырҭаҿ зшьапы ԥҵәаз урыстәылатәи атурист деиқәдырхеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 26 - Sputnik. Аԥсны Аҭагылазаашьа Ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәа ахәаша, ԥхынгәы 26 рзы ашьхараҿ, Хьымса ахыҵырҭаҿ зшьапы ԥҵәаз урыстәылатәи атурист деиқәдырхеит, верталиотла дылбааргеит ҳәа аҳәоит аусбарҭа Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.

Ростов-на-Дону инхо Евгени Ершов, 1978 шықәса рзы ииз, ишьапы ԥҵәаны Агәыӡератәи арратә госпиталь ахь днаргеит.

АҶА амедикцәа аԥхьатәи ацхыраара лырҭеит. Атурист илыхьыз шыҟалаз макьаназ ишьақәыргылам.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0