Археологцәа Очамчыра ирбеит ажәытәра шаҳаҭс иамоу аԥшаах

© Фото : Инфоцентр "Крымский мост"Археологцәа русура
Археологцәа русура - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәии Аԥснытәии археологцәа иахьатәи Очамчыра адгьылҵакыраҿы иҟаз ажәытә қалақь Гиуенос аҭыԥ аҿы археологиатә ԥшаарақәа мҩаԥысуеит.

АҞӘА, нанҳәа 5 – Sputnik, Бадри Есиава. Идырым абызшәала аҩыра зну анышәаԥшь иалху аӷәыцәмаҟьа рбеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьопуа.

"Адгьыл ицәыҵаҳхит анышәаԥшь иалху аӷәыцәмаҟьа, уи иаҳзымдыруаз абызшәала бжь-нбанк ала ишьақәгылоу ажәа ануп. Аҟьаԥс ақәҭых ззаҳашьҭыз аҵарауаа иану иаԥхьароуп, ишьақәдыргылароуп", - иҳәеит аурыс-аԥсуа археологиатә експедициа анапхгаҩы.

Аԥшаах еизыхәхәоуп, қьырмытк иаҟароуп. Иҟоуп агәаанагара Абжьаратә шәышықәсақәа ирыҵаркуеит ҳәа.

"Абри аҭыԥ иацәыхарамкәа иҟан VI ашәышықәса иатәу ауахәама. Иара иԥшаахьан археолог Сергеи Шамба. Аҿыц ԥшаахи ажәытә уахәамеи реидҳәалара макьаназ ишьақәыргылам", - иҳәеит аҵарауаҩ.

Сақаниа еиҭеиҳәеит Маркәылатәи археологиатә ԥшаарақәа ртәы>>

Ажырақәа рымҩаԥгараан иԥшаан акыцлых, акерамика, ачысмаҭәа, асаркьалых.

Археологиатә усурақәа мҩаԥыргоит Урыстәыла аҭҵаарадырра Академиа Археологиеи Мрагылараҭҵаареи ринститути, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеии, Аԥсуаҭҵааратә институти.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0