Кьылба: ԥшьусбарҭак Аԥсны ахада иалхрақәа раан ашәарҭадара иахылаԥшлоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамад Кьылба
Аԥсны Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамад Кьылба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамад Кьылба арадио Sputnik аинтервиу аҭо, иҳәеит амҽыша, нанҳәа 25, Аԥсны ахада иалхрақәа рзы азинеиҿкаара ишахылаԥшло.

АҞӘА, нанҳәа 22 – Sputnik. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра Аԥсны ахада иалхрақәа раан ашәарҭадара иахылаԥшлоит, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамад Кьылба.

Аԥсны Алхратә комиссиа хада апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АКХ: алхырҭатә ҭыԥ анҭыҵ абжьыҭаразы арзаҳал алаҵатәуп нанҳәа 24 рҟынӡа

Зынӡа ари аус рнапы иануп 800-ҩык инареиҳаны аусзуҩцәа ҳәа азгәеиҭеит иара.

"Ахада инапынҵала, сара алхрақәа раан ашәарҭадара аиқәыршәара азеиԥш напхгара асҭоит. Убри аус аиҿкааразы еиуеиԥшым аилатәарақәа мҩаԥаҳгеит", - иажәа иациҵеит Кьылба.

Нанҳәа 24 ахәылбыҽха инаркны алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны акомиссиақәа рыхьчара иалагоит, иҳәеит Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ.

"Иҟоуп акандидатцәа рхаҭақәа рыбжьы ахьарҭо алхырҭатә ҭыԥқәа, урҭ иҷыдоу ахылаԥшра раҳҭоит. Иара убас уажәшьҭа жәамш иреиҳауп аинформациа-оперативтә усура ҷыдала ҳацклаԥшны имҩаԥаҳгоижьҭеи", - иҳәеит Кьылба.

Аԥсны амчратә структурақәа ирымоуп ашәарҭадара аиқәыршәаразы аԥышәа бзиа ԥыхьатәи алхрақәа раахижьҭеи, убри ахыԥхьаӡараҿы Апарламент ахь алхрақәа ҳәа азгәеиҭеит иара.

"Апарламент ахь алхрақәа раан ҳара иҳалшеит Аԥсны ахи-аҵыхәеи ашәарҭадара аиқәаршәара, алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны ажәеиқәырԥарагьы алҳмыршеит", - инаҵишьит Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ.

Иара игәаанагарала, Апарламент ахь алхрақәа раан аусура еиҳа ицәгьан.

АА ААР - Sputnik Аҧсны
Ахада иалхрақәа раан 700-ҩык инареиҳаны амилициа аусзуҩцәа ҷаԥшьалоит

"Усҟан акомандақәа рхыԥхьаӡара рацәан, уажәы жәба роуп иҟоу, убри азыҳәан ашәарҭадара аус аиҿкаара еиҳа иманшәалоуп. Уаанӡатәи ахада иалхрақәа рхатә ҷыдарақәа рыман, иҟан еиҿагылаз аинтересқәа. Аха уеизгьы ҳара ҳусура еилыркаауан, аконфликт ҳәа акгьы ҟамлеит. Сынтәа, егьа аибарххарақәа ҟаларгьы, агәаанагара ҳамоуп азакәан аҳәаақәа ирҭымсп ҳәа. Алхрақәа рылҵшәа згәамԥхо дҟаларгьы, аҭагылазаашьа иақәнагоу ахылаԥшра аҭара ҳалшоит", - иҳәеит Кьылба.

Иара убас ишьақәыргылоуп иҷыдоу амчрақәа, урҭ азеиԥш зинеиҿкаара еилазго ахҭысқәа рҿагылара рнапы иануп.

"Иҷыдоу ахылаԥшра аҳтоит Аԥсны АКХ уахи-ҽнитәы ахьчара, избанзар абжьқәа рыԥхьаӡараан агәынамӡарақәа аазырԥшуа ҟаларгьы алшоит", - азгәеиҭеит иара.

Иара убас Аԥсныи Қырҭтәылеи рҳәаа ахьчара рӷәӷәахоит, аушьҭратә режим рыԥсахӡом, абри атәы наҵшьны иҳәеит Кьылба.

Ахада иалхрақәа ҟалоит нанҳәа 25, 2019 шықәса рзы. Ахада далырхуеит хәышықәса аҿҳәара иҭаны. Хаҿык ҩ-ҿҳәарак иеиҳаны хадас аус иур ҟалаӡом. Ахада даналырхуа ахада ихаҭыԥуаҩгьы дицалырхуеит.

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0