Гәылрыԥшьтәи агәамсамеизгарҭа 2020 шықәса анҵәамҭазы аусура иалагоит

© Sputnik / Томас Тхайцукагәамсамеизгарҭа
агәамсамеизгарҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аиҳабыра Кациқыҭ иахьаҵанакуа агәамсамеизгарҭазы 36 гектар адгьыл алнахит 2019 шықәса хәажәкыра анҵәамҭазы.

АҞӘА, нанҳәа 22 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ иахьаҵанакуа идыргыло агәамсамеизгарҭа хәҭакахьала ахархәара иалагоит 2020 шықәса анҵәамҭазы, абри атәы ажунралистцәа ирзеиҭеиҳәеит Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба нанҳәа 22 рзы.

"Сынтәа агәамсамеизгарҭа апроект шьақәыргылахоит, 2020 шықәсазы аргылара иалагоит. Ари аусура анагӡара Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны иазоурыжьуеит 120 миллион мааҭ аԥара", - иҳәеит Бганба.

Агәамсамкаԥсарҭа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апарламент Гәылрыԥшь араион аҿы аполигон аргылара иақәшаҳаҭхеит

Иара убасгьы аԥыза-министр иажәақәа рыла, 2020 шықәсазы иалыршахоит уи хәҭакла ахархәара. Аргылара хдыркәшоит 2021 шықәсазы.

2019 шықәса, хәажәкырамзазы Алашарбага араион ауааԥсыра ҿҳәарадатәи акциа хацдыркит рраион аҿы иҟоу агәамсамкаԥсарҭа аркразы. Еизаз аполигон ахь инеиуаз амҩа ркит. Уи иалҵшәаны мшаԥы 12, 2019 шықәса рзы Аҟәа ахада Адгәыр Ҳаразиеи Гал араион ахада Ҭемыр Надараиеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Уи инақәыршәаны, аҳҭнықалақь абзазаратә црыҵқәа Гәылрыԥшь араион аҿы аполигон дыргылаанӡа Гал араион ахь иргалоит.

Хәажәкырамзазы атәыла аиҳабыра аполигон аргыларазы Гәылрыԥшь араион аҿы 36 гектар адгьыл алыркааит.

Атәыла ахадара мшаԥы 11 рзы ирыдыркылаз аӡбамҭа инақәыршәаны, Алашарбага аҳаблаҟны агәамсамеизгарҭа адыркуеит абҵара 30, 2019 шықәса рзы. Уаанӡа иргыланы аусура иаладыргароуп икьакьоу абзазаратә црыҵқәа рыжразы аполигон, уи иазԥхьагәанаҭоит афракциақәа рыла заанаҵ агәамсам аихшара.

Аԥсны Аиҳабыра Кациқыҭ иахьаҵанакуа агәамсамеизгарҭазы 36 гектар адгьыл алнахит 2019 шықәса хәажәкыра анҵәамҭазы.

Аполигон ҿыц иазԥхьагәанаҭоит ацрыҵқәа ҽыҭҽыҭла реиҵакәаҳара, иара убас апластики ацеллофани Аԥснынтәи иалганы ргара, избанзар урҭ адгьыл аҟны рыжра ҳекологиа иаԥырхагоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0