Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа ирылагеит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраалхрақәа
алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоуп жәҩык акандидатцәа. Ахада дицалырхуеит уи зыӡбахә иҳәаз аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ.

АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны.

Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа.

Аҟәа иаатит ахада иалхрақәа Жәларбжьаратәи рыпресс-центр>> 

Зынӡа Аԥсны иҟоуп 152 алхырҭатә ҭыԥ, 35 алхырҭатә ҭыԥ хада рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Урыстәыла иахьаҵанакуа: Москвеи Черкесски. Даҽакы аартуп Сҭампыл.

Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоуп акандидатурақәа жәба – Рауль Ҳаџьымба, Алхас Кәыҵниа, Олег Аршба, Асҭамыр Ҭарба, Алмас Џьапуа, Леонид Ӡаԥшьба, Шамиль Аӡынба, Асҭамыр Какалиа, Артур Анқәаб.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

Парламентские выборы в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АКХ алхыҩцәа рхыԥхьаӡаразы адырра ҿыцқәа ҟарҵеит

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Еиқәных: Sputnik Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа раан аусушьа>> 

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0