Аԥсны ахадарахьы акандидат Асҭамыр Ҭарба Аҟәа ибжьы аиҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАстамур Тарба принял участие в голосовании
Астамур Тарба принял участие в голосовании  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы алхрақәа мҩаԥысуеит 152 алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны, урҭ 35 алхырҭатә ҭыԥ хадақәа рахь иаҵанакуеит. Аԥсны ахадарахьы акандидат Асҭамыр Ҭарба Аҟәа ибжьы аиҭеит алхырҭатә ҭыԥ хада 6 ахь иаҵанакуа алхырҭатә ҭыԥ 2 аҟны.

АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат Асҭамыр Ҭарба ибжьы аиҭеит Аҟәатәи абжьаратә школ №9 аҿы иҟоу алхырҭатә ҭыԥ хада 6 ахь иаҵанакуа алхырҭатә ҭыԥ 2 аҟны асааҭ 10:05 рзы, абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иаалыцҳауеит Sputnik акорреспондент.

"Алхырҭатә ҭыԥ ахь сааит агәалаҟазара бзиа сыман, аусура сазыхианы. Зегь реиҳа ихадоу - ауааԥсыра ргәы ҭынчзароуп уаҵәтәи амш шырзылԥхо азы", - иҳәеит ахадарахьы акандидат.

Ҭарба иазгәеиҭеит иара иганахьала аус зуа анаԥшыҩцәа асааҭ 10 рызтәи аҭагылазаашьазы аилагарақәа ҳәа акгьы шырымбац.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоуп акандидатурақәа жәба – Рауль Ҳаџьымба, Алхас Кәыҵниа, Олег Аршба, Асҭамыр Ҭарба, Алмас Џьапуа, Леонид Ӡаԥшьба, Шамиль Аӡынба, Асҭамыр Какалиа, Артур Анқәаб.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0