Аԥсны ахада иалхрақәа: аҵыхәтәантәи адыррақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада иалхразы абжьыҭара
Аԥсны ахада иалхразы абжьыҭара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхразы абжьыҭара хацыркхеит амҽыша, нанҳәа 25 ашьыжь асааҭ 8:00 рзы. 50-ҩык инарзынаԥшуа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа алхрақәа рымҩаԥысшьа иашьклаԥшраны иҟоуп.

Sputnik

Алхырҭатә ҭыԥқәа заҟа аартыз

Аԥсны ахада иалхразы абжьыҭира хацыркхеит амҽыша, нанҳәа 25, ашьыжь асааҭ ааба рзы.

Ареспублика иахьаҵанакуа аус руеит 152 алхырҭатә ҭыԥқәа, урҭ русура: 8:00 - 20:00. Иара убасгьы алхырҭатә ҭыԥқәа аартуп Москвеи Черкесски.

Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадыртӡом - Sputnik Аҧсны
Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадыртӡом

Абжьыҭиразы алхырҭатә ҭыԥ аартхараны иҟан иара убас Ҭырқәтәыла, ақалақь Сҭампыл. Аха асааҭ 8:35 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа алаҳәара ҟаиҵеит жәларбжьаратәи ажурналистцәа рзы имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны Ҭырқәтәыла алхырҭатә ҭыԥ аартразы акгьы шизымдыруа азы.

Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа Sputnik иазааицҳаит алхырҭатә ҭыԥ официалла иаартым ҳәа. Алхратә комиссиа Аԥсны АКХ ахаҭарнак иҟынтәи абиуллитенқәеи амҳәыри рыдрымкылеит ҳәа азгәеиҭеит иара.

"Акомиссиа абиуллитенқәеи амҳәыри рыдрымкылеит. АКХ ахаҭарнак абри азы ииҳәо сара исыздырам. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аркуп", - иҳәеит Ҳаразиа.

Алхырҭатә ҭыԥ аартуп Аԥсны еиҳа ихароу акәакьқәа иреиуоу Ԥсҳәы ақыҭаҿы. ара рыбжьы рҭиирц рылшоит 70-ҩык Аԥсны атәылауаа.

Ақыҭа ахада Даниил Зыхәба ишиҳәаз ала, алхрақәа аштаттә режим иҭагӡаны имҩаԥысуеит.

Ԥсҳәыҟа инеит ахадарахьы акандидатцәа Рауль Ҳаџьымба, Леонид Ӡаԥшьба, Алхас Кәыҵниа рҟынтәи анаԥшыҩцәа.

Ауааԥсыра рыбжьы шырҭиуа

Алхыҩцәа активла абжьыҭира мҩаԥыргоит. Аԥсны ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы иажәақәа рыла, абжьыҭиразы азин ҟазҵо агәраргагала асааҭ 09:15 рзы 459-ҩык рыбжьы рҭихьан. Абжьыҭиразы азин ҟазҵо аршаҳаҭгақәа роуеит атәылауаҩшәҟәы аҿы дахьынхо аҭыӡҭыԥ ззаным алхыҩ.

Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
АКХ: Аԥсны ахада иалхрақәа раан асааҭ 12:00 рҟынӡа рыбжьы арҭахьеит 19% ауаа

Асааҭ 12:00 рызтәи адыррақәа рыла, рыбжьы рҭихьеит 19,2% ауааԥсыра.

Акандидатцәа рҟынтәи зыбжьы зҭихьоу

Асааҭ 9:00 рзы алхырҭатә ҭыԥ № 2, Аҟәатәи абжьаратә школ № 14 ахыбраҿы иҟоу аҟны ибжьы иҭиит Аԥсны иахьатәи ахада, ахадарахьы еиҭақәгылоу Рауль Ҳаџьымба.

"Иалырхлакгьы, ари аетап қәнагала ҳахысроуп. Агәра ганы сыҟоуп, ҳажәлар аҭынчреи аԥеиԥш лашеи шалырхуа. Ҳара ԥхьаҟа ҳцалароуп, ҳаҿиалароуп", - иҳәеит иара, ажурналистцәа дрыҿцәажәо.

Иара убасгьы рыбжьы рҭихьеит Артур Анқәаб, Шамил Аӡынба, Асҭамыр Ҭарба, Олег Аршба, Алхас Кәыҵниа, Асҭамыр Какалиа, Леонид Ӡаԥшьба.

Алхрақәа шымҩаԥысуа

Алхратә комиссиа алахәылацәа ахылаԥшра арҭоит азакәанԥҵара ақәныҟәара. Азин ыҟам ихарҭәаау абиуллетен афотоҭыхра.

Выборы в Абхазии. Пресс-центр  - Sputnik Аҧсны
Ҭамаз Гогьиа: ахада иалхрақәа рҟны аилагарақәа рзы адыррақәа ыҟам

Абри аҩыза ахҭыс аҭыԥ аиуит ахәбатәи аокруг иаҵанакуа алхырҭатә ҭыԥ ҩба аҿы: аԥҳәыс абиуллетен анхалырҭәаа ашьҭахь, абиуллетен афото ҭылхит. Алхырҭатә ҭыԥ анапхгаҩы афото анылхырц лыдылҵеит. Абасеиԥш ҟалеит иара убасгьы Ӡиӡариа имҩаҿы иҟоу алхырҭатә ҭыԥ аҿы ҳәа адырра арҭоит Sputnik.

Аԥсны имҩаԥысуа алхрақәа ахылаԥшра мҩаԥыргоит жәларбжьаратәи ахылаԥшыҩцәа. 50 рҟынӡа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа ирҭааны иҟоуп.

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думаҟынтәи анаԥшҩы Владимир Катенев ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит алхрақәа закәанеилагарада ишымҩаԥысуа.

Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиагьы иажәақәа рыла, алхрақәа рцашьа анырра азҭар зылшо аилагарақәа ҳәа макьана акгьы ыҟам.

Ажәабжьқәа зегьы
0