Москва зыбжьы зҭиуа Аԥсны атәылауаа алхрақәа рҟынтәи иззыԥшу еиҭарҳәеит

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны алхрақәа
Аԥсны алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла иахьаҵанакуа Аԥсны атәылауаа рыбжьы арҭар рылшоит алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба рҟны: Москвеи Черкесски. Алхырҭатә ҭыԥкәа рыҩбагьы аатит асааҭ 8.00 рзы, русура хдыркәшоит 20.00 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Москва иҟоу алхырҭатә ҭыԥ аҟны зыбжьы азҭо Аԥсны атәылауаа аиҭакрақәа ирзыԥшуп ахада иалхрақәа рышьҭахь, абри атәы РИА Новости иазаарыцҳааит.

Уаанӡа алхырҭатә комиссиа ахантәаҩы Беслан Кобахьиа адырра злаҟаиҵаз ала, зыкьҩык рҟынӡа алхыҩцәа рыбжьы рҭиуеит ҳәа иазыԥшуп. Макьаназы зегьы еилагарада имҩаԥысуеит, акандидатцәа жәҩык рҟынтәи быжьҩык рахьтә анаԥшыҩцәа ахылаԥшра ҟарҵоит.

Выборы в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Москва абжьыҭирақәа шымҩаԥысуа

Москва инхо Аԥсны атәылауаа алхрақәа рҟынтәи иззыԥшу иалацәажәоит.

"Арҭ алхрақәа сара сзы аҵак ду рымоуп. Аиҭакра дуқәа зегьы иаҳзеиӷьасшьоит", - иҳәоит алхыҩ Варлам.

"Ҳара арҭ алхрақәа рыла иааҳарԥшыроуп адемократиатә ҳәынҭқарра аргылара хықәкыс ишҳамоу. Сгәыӷуеит алхрақәа рышьҭахь Аԥсны зегьы бзиахап ҳәа", - иҳәоит алхыҩ Александр.

"Зегь раасҭа ихадароу ауаа ргәы ҭынч, рхы ҭынч инхо рыҟалароуп. Иаԥсоу акандидат амҩа иоуааит", - иҳәеит зыхьӡ змырзаз абжьыҭиҩы.

Асааҭ 12 рзы Аԥсны АКХ апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳа адырра ҟалҵеит рыбжьы шырҭихьо 19,2% алхыҩцәа - 23 нызқьи 442-ҩык ауааԥсыра.

Алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара иартәоит – 121 нызқьи 627-ҩык ауааԥсыра. Асиацҵақәа ирыҵаркуп 2702-ҩык алхыҩцәа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

Аԥсны ахада иалхразы абжьыҭара - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада иалхрақәа: аҵыхәтәантәи адыррақәа

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0