Авирус шәарҭахом: аимҳәаду аҟынтәи алаҵа Аԥсны агәаҭара иахыжьуп

CC0 / / алаҵа
алаҵа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2023 шықәсанӡа Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра гәҭакыс иамоуп аимҳәаду аҟынтәи алаҵа ҿыц алагалара. Алаҵа Аԥсны агәаҭара иахрыжьхьеит.

АҞӘА, цәыббра 4 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ԥшь-валенттә лаҵа аамҭакала аимҳәаду аштаммқәа ԥшьба ирҿагылоит. Иара Аԥсны агәаҭара иахрыжьит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик. 

РИА Новости уаанӡа ишаанацҳауаз ала, 2023 шықәсанӡа Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра иагәҭакуп аимҳәаду аҟынтәи алаҵа ҿыц алагалара.

Аԥсны алаҵа агәаҭара иахыжьын 2018 шықәса рзы. Агәабзиарахьчара аминистрра иаанахәеит алаҵақәа.

"2010 шықәса раахыс агәабзиарахьчаразы Адунеизегьтәи аиҿкаара абжьагара ҟанаҵоит амедицинатә еилазаара ԥшь-валентк иҟоу алаҵахьы ииасразы. Ари алаҵахьы иаҵанакуеит авирус  А аштаммқәа ҩба – "Брисбен", "Канзас" – H1N1-и H3N2-и, иара убасгьы авирус В акомпонентқәа – "Колорадо", "Пхукет" ("Ямагата"). Арҭ алаҵақәа Урыстәыла иҭрыжьуеижьҭеи акырҵуеит. Аԥсны алаҵа агәаҭара иахыжьын 2018 шықәса рзы. Уи Агәабзиарахьчара аминистрра  иаанахәеит", - ҳәа лҳәоит Скорик.

Скорик лажәақәа рыла, алаҵа ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рхархәарала иҟаҵоуп. Ахәыҷқәа, зцәа зтәым, ауаа быргцәа ирзырхоуп. Алаҵа аллерген алам. Издызкылар ҟамло акәтаӷь ацил аганахь аллергиа змоу заҵәык роуп.

Макьаназ Аԥсны х-компонентк иҟоу алаҵа ԥшь-компанентктәи ала ирыԥсахыртә аҭагылазаашьа ыҟам. 2019 шықәса рзы рыҩхкыкгьы раахәара рыгәҭакуп.

"Ԥшь-валентк иҟоу алаҵа х-валентк иҟоу аиҳа ахәԥса ҳаракуп, аха убри аан ахаҭабзиарагьы еиҳа еиҳауп. Лаҵак иалнаршоит авирус уааигәа иқәымло аҟаҵара", - ҳәа лҳәоит Скорик.

2019 шықәсазы алаҵақәа рсезон хыртхоит жьҭаарамзазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0