"Борис Еифман Икәашаратә академиа" Аԥсны аҟыбаҩ змоу ахәыҷқәа алнаԥшаауеит

© Sputnik / Алексей Даничев / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Борис Еифман Икәашаратә академиа" алахәылацәа
Борис Еифман Икәашаратә академиа алахәылацәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алыԥшаарақәа рылахәхаразы заанаҵы азыҳәа ҟаҵатәуп ашкол "Аурыс балет" аҭел ала ма "Борис Еифман Икәашаратә академиа" асаит ахь.

АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Санкт-Петербургтәи "Борис Еифман Икәашаратә академиа" цәыббра 14 рзы Аԥсны имҩаԥнагоит аҟыбаҩ ҷыда змоу ахәыҷқәа ралԥшаара ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит ашкол "Русскии балет" аҟәатәи афилиал аиҳабы Гәыранда Конџьариаԥҳа.

Заанаҵтәи агәаҭарақәа мҩаԥысраны иҟоуп ашкол "Аурыс балет" аҟәатәи афилиал аҿы.

"Агәаҭарақәа мҩаԥгахоит цәыббра 14 асааҭ 11:00 рзы. Изҭаху зегьы рхы аладырхәыр алшоит. Аԥснытәи ахәыҷқәа зегьы ирылшоит рҟыбаҩ аарԥшра. Раԥхьаӡа акәны абасеиԥш иҟоу Академиа аҟынтәи ҳхәыҷқәа ргәаҭарақәа мҩаԥгахоит. Академиаҿ аҵара зҵо иреиӷьӡақәоу роуп", - ҳәа еиҭалҳәоит ашкол "Аурыс балет" аҟәатәи афилиал аиҳабы Гәыранда Конџьариаԥҳа.

Ахәаԥшрахь инарыԥхьоит 6-12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа.

Иалкаахо ахәыҷқәа Санкт-Петербург аԥышәара рҭиуеит.

"Борис Еифман Икәашаратә академиа" аартын Санкт-Петербург, 2013 шықәса рзы еицырдыруа ахореограф, Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абалеттә академитә театр асахьаркыратә напхгаҩы Борис Еифман иаԥшьгарала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0