Олег Аршба икоманда алхрақәа аҩбатәи ртур аан Алхас Кәыҵниа ишидгыло рыларҳәеит 

© Sputnik / Томас ТхайцукАлхас Кәыҵниа
Алхас Кәыҵниа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Икандидатура ишадгыло азы адырра ҟаиҵеит Алхас Кәыҵниа ихаҭа. Ари аинформациа шьақәирӷәӷәеит ахадарахьы уаанӡатәи акандидат Олег Аршба иштаб ахаҭарнак Олег Барцыц.

АҞӘА, цәыббра 5 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Олег Аршба иалхратә штаб аиҳабы Леонид Лакербаиа Алхас Кәыҵниа иштаби дареи реиԥылара алҵшәақәа шьақәирӷәӷәеит. 

"Акахьы ҳааибагеит, иаку акомандала Алхас Кәыҵниа аҩбатәи атур аҟны даиааиразы аус ҳаулоит", - иҳәеит Лакербаиа.

Аԥсны уаанӡатәи ахада Александр Анқәабгьы ркоманда Кәыҵниа ишидгыло шьақәирӷәӷәеит.

Ҷыдала ишеицәажәаз атәы аҳәара мап ацәикит.

Ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур ҟалоит амҽыша, цәыббра 8 рзы.

Актәи атур мҩаԥысуан нанҳәа 25, 2019 шықәса рзы. Усҟан жәҩык акандидатцәа ықәгылан.

Аҩбатәи атур ахь инеит Аԥсны иахьатәи ахада Рауль Ҳаџьымбеи (24,83%) аоппозициатә партиа "Амцахара" ахантәаҩы Алхас Кәыҵниеи (22,56%).

АКХ адыррақәа рыла, алхрақәа рахь инеит 65,18% ауаа. 

Аҩбатәи атур алҵшәақәа рыла аиааира игеит ҳәа дыԥхьаӡоуп алхыҩцәа рыбжьқәа реиҳарак зауз акандидат. Ас еиԥш аӡбамҭа рыдыркылеит АКХ аҟны алхратә штабқәа рхаҭарнакцәа ианрыҿцәажәа ашьҭахь, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ҭамаз Гогьиа.

Азакәан аҟны еилыкка иарбаӡам аҩбатәи атур аан аиааира згаз акандидат дшалкаатәу, ҷыдала иааугозар: абжьқәа реиҳарак зауз иакәу, ма аҩбатәи акандидати "зегьы ирҿагылоу" аграфеи еизакны ироуз абжьқәа еилаҵаны иреиҳаны изауз акандидат иакәу. АКХ ахь азҵаарақәа Апарламент ахь, Аконституциатәи Иреиҳаӡоуи аӡбарҭақәа рахь рнеира ашьҭахь, иара убас алхратә штабқәа рхаҭарнакцәа рыҿцәажәарақәа рышьҭахь, ирыӡбеит - аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа реиҳарак зауз акандидат.

Убри аан алхрақәа рахь инеироуп алхыҩцәа рсиа иану атәылауаа 25% иреиҵамкәа алхыҩцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0