Гагра араион аҟны рыбжьы арҭахьеит 27% алхыҩцәа

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы в Абхазии
Выборы в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа, ашьыжь асааҭ ааба рынахыс Гагра араион аҟны аусура иалагеит алхратә ҭыԥ хадақәа хәба ирыҵаркуа алхырҭатә ҭыԥқәа 29.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Гагра араион аҟны иаартуп алхратә ҭыԥ хадақәа хәба. Урҭ ирыҵаркуеит алхырҭатә ҭыԥқәа 29. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхра аҩбатәи атур аҟны асиа хадала рыбжьы арҭараны иҟоуп 24 нызқьи, 570-ҩык ауааԥсыра, иара убас ихарҭәаау асиагьы ҟалоит.

Выборы президента Абхазии, второй тур - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АКХ: алхыҩцәа абжьыҭарахь рнеира 19% артәоит

"Аусура ҳалагеит алхратә закәан инақәыршәаны, ашьыжь асааҭ ааба рзы. Акандидатцәа рҿынтә ҩыџьа анаԥшыҩцәа ианаамҭаз иааит. Макьаназы аганқәа аилагарақәа рзы агәынамӡара рымам. Сиала ҳалхырҭатә ҭыԥ аҟны рыбжьы арҭараны иҟоуп 884-ҩык. 13 сааҭ рзы иааихьеит 277-ҩык алхыҩцәа. Актәи атур иаҿырԥшны ҳахәаԥшуазар ақалақьуаа рааишьала еиҩырго ыҟам", - лҳәеит а-12-тәи алхратә ҭыԥ хада, аԥшьбатәи алхырҭатә ҭыԥ ахантәаҩы Луиза Ешԥҳа.

А-10-тәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуа ахәбатәи алхырҭатә ҭыԥ аартуп Алаҳаӡыхьтәи абжьаратә школ №1 ахыбраҟны. 13 сааҭ рзы араагьы аилагарақәа аарԥшым.

"Сиала ҳалхырҭатә ҭыԥ аҿы иарбоуп 405-ҩык ауааԥсыра. 13 сааҭ рзы иааихьоу рхыԥхьаӡара 146-ҩык ыҟоуп. Зегьы ҳгәалаҟазаара бзиоуп, иахьатәи амш ныҳәак еиԥш ҳаԥылеит", - иҳәеит а-10-тәи алхратә ҭыԥ хада, ахәбатәи алхырҭатә ҭыԥ ахантәаҩы Саид Беиа.

Иааиазакны 13 сааҭ рзы, Гагра араион аҟны рыбжьы арҭахьеит 27% алхыҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0