АКХ заанаҵтәи адыррақәа рыла, Ҳаџьымба даиааит ахада иалхрақәа рҟны

© Sputnik ЦИК
ЦИК - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысит амҽыша, цәыббра 8 рзы.

АҞӘА, цәыббра 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Рауль Ҳаџьымба Аԥсны ахада иалхрақәа рҟны аиааира игеит атәыла Алхратә комиссиа хада заатәи адыррақәа рыла, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

Иара иажәақәа рыла, абжьқәа рԥхьаӡеит Аҟәа араион Ԥсҳәы ақыҭантәи аԥкаанҵа аламҵакәа. Урҭ цәыббра 9 рзы ҽынла иааргараны иҟоуп. Аха убри аан урҭ абжьқәа уажәшьҭа алхрақәа рылҵшәа анырра рзаҭом.

Зынӡа рыбжьы арҭеит 83 нызқьи 883-ҩык алхыҩцәа, уи алхыҩцәа рзеиԥш сиаҟынтәи иартәоит 65, 98%.

Заатәи ацифрақәа рыла Алхас Кәыҵниа изы рыбжьы арҭеит 38 нызқьи 742 алхыҩцәа – 46,19%, Рауль Ҳаџьымба изы – 39 нызқь 741 алхыҩ – 47, 38%.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0