Индоевропатәи ателеграфтә цәаҳәа ашьаҟақәа Аҟәа игылоуп

© SputnikИндоевропатәи ателеграфтә цәаҳәа ашьаҟақәа Аҟәа игылоуп
Индоевропатәи ателеграфтә цәаҳәа ашьаҟақәа Аҟәа игылоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион Цандрыԥшь ақыҭан Индоевропатәи ателеграфтә цәаҳәа ашьаҟақәа шырыԥшааз азы Sputnik адырра аҭан нанҳәа 27 рзы.

АҞӘА, цәыббра 10 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәа ақалақь апарк "Алакә" иахьаҵанакуа Индоевропатәи ателеграфтә цәаҳәа ашьаҟақәа шгылоу атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит аекскурсиамҩаԥгаҩ Анастасиа Туева.

Лара лажәақәа рыла аамҭақәак раԥхьа Цандрыԥшь ақыҭаҿы арҭ ашьаҟақәа шырыԥшааз атәы АИХ рҟны ианеиҭарҳәа ашьҭахь ауаа аҭел илзасуа иалагеит.

"Астатиа ашьҭахь абри афакт атәы заҳаз аҭел исзасны исарҳәо иалагеит арҭ рҩызцәа ашьаҟақәа ахьырбахьо атәы. Аԥсны амшынцәаҳәа иахьаҵанакуа иҵаҵан 8000 рҟынӡа шьаҟа. Урҭ рҟынтәи иаанхақәаз иахьагьы иуԥылоит. Уи даара аинтерес аҵоуп", - лҳәеит лара.

Анастасиа илыгәҭакуп иахьазы иаанханы иҟоу ашьаҟақәа рыԥшаара, Индоевропатәи ателеграф ареспубликаҿы амҩаԥгара ахсаала азырхиара.

Индоевропатәи ателеграфтә цәаҳәа, Лондони Калькуттеи еидызҳәалоз, Аԥсны аусура иалагеит 1870 шықәса лаҵара 1 азы. Ателеграф цәаҳәа Лондон – Калькутта афирма Siemens имҩаԥнагеит Британиатәи аимпериа иҟанаҵаз аҿаҵала. Иара мҩаԥган аимпериа XIX ашәышықәсазы Индиа имҩаԥысуаз ақәгыларақәа ахьазымхәаҽуаз иахырҟьаны. Аколониа анапхгара уадаҩхеит аимпериа аҳҭнықалақь аҟынтәи иаарласны адҵаҟаҵарада. Акралԥҳәыс Викториа дақәшаҳаҭхеит 10 000 километра инаӡоз ацәаҳәа амҩангара.

1867 шықәса абҵарамзазы ацәаҳәа мҩаныргон Ҟрым, Ҟәбина, Аԥсны, Қырҭтәыла, Ермантәыла рыдгьылҵакыра иалганы.

Вернер фон Сименс аусурақәа хьцоз аҭыԥқәа дырҭаауан. Дыҟан Аԥсынгьы. Анзор Агәмаа ишәҟәы "Старый Сухум" аҟны иарбоуп Сименс иахьатәи амҩаду "Аидгылара" ахьыҟоу аҭыԥ аҿы адгьыл шааихәаз, нас, 1869 гшықәса рзы Индоевропатәи ателеграф аусҳәарҭа ширгылаз.

1877–1879 шықәса рзы, аурыс-аҭырқәа еибашьраан аусҳәарҭа рбган, ашьаҟақәа ыҵхын, ацәаҳәақәагьы ԥыҵәҵәан.

1912 шықәса рзы Чочуа имҩаҿы аусҳәарҭа ахыбра ҿыц шьақәыргылан. Иахьазы иара архитектуратә баҟаны ишьоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0