Аԥсны иҟоу ААО азенитчикцәа аԥырҩы дызҭам "аӷа" иҳаирпланқәа карыжьит

© Sputnik / Сергей ПивоваровАԥсны иҟоу ААО азенитчикцәа
Аԥсны иҟоу ААО азенитчикцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан ашьхара иаԥну абнарақәеи амшын аԥшаҳәеи рҟны Гәдоуҭа, Нагвалоу, Ҵабал аполигонқәа рҿы.

АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik. Аԥсны аҵараҽазыҟаҵарақәа мҩаԥызгоз урыстәылатәи азенитчикцәа аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа 30 иреихсуан, иагькарыжьит. Абри атәы аанацҳаит Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә база апресс-маҵзура.

Аԥсны аҵараҽазыҟаҵарақәа мҩаԥызгоз урыстәылатәи азенитчикцәа електронтә ракетала аԥырҩы дызҭам "аӷа" иҳаирпланқәа иреихсуан. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон аполигонқәа Гәдоуҭа, Нагвалоу, Ҵабал рҟны. Абри атәы ааицҳаит Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә база апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафиев.

"Аҽазыҟаҵарақәа раан иларышьҭуан 2 километрак ҵәҩанҵәы иҟоу, зыласра сааҭк ала 200 километра инаӡоу аҳаирпланқәа", — иҳәеит иара.

Аполигонқәа рҟны аҵараҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 600-ҩык аррамаҵзурауаа, арратә техника 50 цыра, азенит комплексқәа "Оса-АКМ", "Стрела-102, ЗРК "Игла 2" абрахь иналаҵаны.

Аобиектқәа рыԥшаареи рҭархареи мҩаԥыргон арадиолокациатә станциа ахархәарала. Аҳауаҿагыларатә ҽыхьчара арратә гәыԥқәа аус адырулеит аҳауатә обиектқәа рыԥшыхәра, раанкылара, рымҩаԥгара, рҭархара азҵаарақәа. "Аӷа" ақәылара алиршар зуаз аобиектқәа зегьы аракетақәа рыла "иҭархан".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0