Аминистрцәа реилазаара аҳасабырба ҟарҵеит абиуџьет алагалақәа рзы

© Sputnik / Vladimir TrefilovДенежные купюры России
Денежные купюры России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәса аԥхьатәи аамзы рзы абиуџьет ахь иаланагалеит ф-миллиардки 74 миллион мааҭ, аха аплантә рбагақәа зегьы нагӡам.

АҞӘА, цәыббра 19 - Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аминистрцәа реилазаара аилатәара мҩаԥигеит. Аилатәараҿы ирылацәажәан аекономикаҿ аплантә рбагақәа рынагӡара. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба аҳәамҭа ҟаиҵеит абиуџьет ахь иаланагалеит ф-миллиардки 74 миллион мааҭ, уи ф-миллиардки 56 миллион мааҭ еиҳауп ҵыԥх аасҭа.

Аԥсны Афинансқәа рминистрра иазыԥхьагәанаҭоит 2019 ықәса рзы абиуџьет алагала миллиардбжк ала аизырҳара.

"2019 шықәса рзы абиуџьет иалалеит ахатә хашәалақәа х-миллиардки 169 миллион мааҭ. Ари ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны 266 миллион мааҭ рыла еиҳауп", - иҳәеит аминистр.

Нанба иазгәеиҭеит, урыстәылатәи ацхыраара аҟнытә абри аамҭақәа рзы абиуџьет ишалалахьо ҩ-миллиардки 905 миллион мааҭ.

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Геннади Арӡынба иҳәеит Гагратәии Гәдоуҭатәии араионқәа рҿы ада егьирахь аплантә рбагақәа нагӡоуп ҳәа.

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Беслан Ҵнариа еиҭеиҳәеит аамзы рыла адәныҟахәаахәҭратә еикәшара ишартәаз 16,5 миллиард мааҭ. Ари 1,7 миллиард мааҭ рыла еиҳауп ҵыԥх аасҭа.

"Аекспорт 4 миллиард мааҭ артәеит, ҵыԥх– 3,2 миллиард мааҭ, аимпорт – 12,5 миллиард мааҭ, 2018 шықәса рзы - 11,6 миллиард мааҭ. Атауареикәыршара ҵыԥх иаҿҳарԥшуазар 11,6% артәеит", - иҳәеит Ҵнариа.

Аҳәынҭқарратә биуџьет 2019 шықәсазтәи Апарламент аҿы ирыдыркылеит ԥхынҷкәын 28, 2018 шықәсазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0