Аҵарауаҩ-аибашьҩы: Арвелод Кәыпраа игәалашәаразы

© Sputnik / Томас ТхайцукАрвелод Куправа
Арвелод Куправа   - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
95 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩ, 460 инареиҳаны аусумҭақәа равтор, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аԥсуа милаҭә культура аҭҵаара знапы алакыз, ашәҟәыҩҩы Арвелод Ерасҭа-иԥа Кәыпраа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Аҭҵаарадырратә усура

Арвелод Ерасҭа-иԥа Кәыпраа диит Кәыдры ауезд (усҟан ус иахьӡын-аред) Река ақыҭан, 1924 шықәсазы, жьҭаара 14 аҽны. 1948 шықәсазы Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт далган, 1950 шықәсанӡа аус иуан Аҽгәаратәи алагарҭатә школ адиреқторс.

Арвелод Кәыпраа иҭҵаарадырра асовет аамҭа ишазикыз азгәаҭо, аҵарауаҩ, аҭоурыхдырҩы Валери Бигәаа иҳәеит еиҳарак дызлацәажәоз аграртә политика шакәыз. Иара убас Арвелод Ерасҭа-иԥа инапы алакын асовет аамҭазы Аԥсны акультуратә ԥсҭазаараҿы ицоз процессқәа рыҭҵаара. Арҭ атемақәа ирызкны аҵарауаҩ 40 инарзынаԥшуа ашәҟәқәа ҭижьит. Иааидкыланы, икьыԥхьу иусумҭақәа хыԥхьаӡарала 460 инареиҳауп.

"80-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Арвелод Кәыпраа аԥсуа милаҭтә культура еиҳа азхьаԥшра аиҭо далагеит, избанзар иара ихаҭагьы далиааит аԥсуара кыр иахьацклаԥшуаз аҭаацәара. Аҵарауаҩ Москва ақалақь аҟны иҭижьит "Аԥсуа жәлар рытрадициатә культура азҵаарақәа" захьӡу ашәҟәы", - еиҭеиҳәоит Валери Бигәаа.

аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аҩӡба Арвелод Кәыпраа изы: ҳарҵаҩы дызхьымӡаз игәҭакқәа анагӡара ҳуалуп

Арвелод Кәыпраа иаб Ерасҭагьы I адунеизегьтәи аибашьра иалахәыз, 1918-1921 шықәсқәа рзы Аԥсны иахаԥаны иҟаз аменьшевикцәа ирҿагылаз уаҩын. Ерасҭа Кәыпраа ажәлар рҟны пату ду иқәын, дреиуан ацәажәаратә ҟазара злаз ауаа. Иара убас Валери Леуард-иԥа иазгәеиҭеит Арвелод Кәыпраа инысымҩаҿы иан лыжәла Сиргинааԥҳа ҳәа ишарбоу, аха ҭоурыхла уи ажәла Цымцба шакәу.

Аҭҵаарадырратә ус инаваргыланы Арвелод Ерасҭа-иԥа инапы алакын аҿар реиҵааӡарагьы, 45 шықәса инарзынаԥшуа Аԥсуа университет аҟны аус иухьан. Валери Бигәаа иара убас иазгәеиҭеит Арвелод Ерасҭа-иԥа соавторс дышрымаз Аԥсны аҭоурых иазкны Гьаргь Ӡиӡариеи Зураб Анчабаӡеи иҭрыжьыз ашәҟәқәагьы.

"Ҳуниверситет анеиҩыршоз аамҭазы зегь раԥхьагьы ақырҭқәа дырра ҳаракыла ирҿагылоз Арвелод Кәыпраа иоуп. Ианакәызаалакгьы Аԥсны аҭоурых ахьчара дазхиан", - ихиркәшеит Бигәаа.

Партиас иҟаз - ҭҵаарадырран

Аԥсуаҭҵааратә институт анапхгаҩы Арда Ашәба иажәақәа рыла, аҵарауаҩ иаша ишьҭихуа иарбан хырхарҭазаалакгьы ажәлар рҿахәы зҳәо, урҭ ргәы иҵхо апроблема аарԥшра ауп дзышьҭало. Иара иазгәеиҭеит Арвелод Кәыпраа зус иазиашаз аҵарауаа дышреиуаз, аҭоурыхҭҵаараҿы илагала шыӷәӷәоу.

"Аԥсуаа ҳҭоурых егьырҭ ажәларқәа рҭоурых иаламҩашьартә еиԥш изнагашьа кыр аинтерес аҵан. Аҵарауаҩ иахьынӡауаз ала архивқәа рҟны хыԥхьаӡара рацәала аматериалқәа ԥшааны аԥхьаҩцәа идирдырит, наунагӡа аҭоурых иазынижьит. Урҭ рыбзоурала ҳмилаҭтә культура закәу, ҳҭоурых зеиԥшроу Аԥсны инымхо аԥхьаҩцәагьы ирбарҭоуп", - иҳәеит Ашәба.

Макьанагьы томрацәала иҟоуп иҭымҵыц Арвелод Кәыпраа иусумҭақәа. Аԥсуаҭҵааратә институт анапхгаҩы излеиҳәаз ала Кәыпраа рҭаацәареи аинститут анапхгареи еицхырааны урҭ рҭыжьра хықәкыс ирымоуп.

"Арвелод Ерасҭа-иԥа иԥсҭазаараҟны иҭҵаарадырреи ирҵаҩреи ракәын ихықәкы хадаз. Џьара партиак далангьы ҳаздырӡом, иара изы партиас иҟаз иҭҵаарадырра акәын" - иазгәеиҭеит Арда Ашәба.

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик Арвелод Кәыпраа иԥсҭазаара далҵит 95 шықәса дшырҭагылаз. Ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара, "Кавказ ахьчаразы" амедаль, аҭҵаарадырразы Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0