Ҳаамҭазтәи аҟазара: Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы иаатит арт-пленер

CC0 / / Асахьаҭыхҩы
Асахьаҭыхҩы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәсазтәи Жәларбжьаратәи арт-пленер иалахәхоит 20-ҩык рҟынӡа апрофессионалтә сахьаҭыхыҩцәа Урыстәылеи Израили рҟынтәи, иара убасгьы, иалахәхоит ААУ аҟазара аҟәшеи Аҟәатәи асахьаҭыхратә школи рҵаҩцәеи рырҵаҩцәеи.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны жьҭаара 17 рзы иаатит Жәларбжьаратәи арт-пленер. Уи иалахәуп Урыстәылеи, Нхыҵ Кавкази, Израили рҟынтәи апрофессионалтә сахьаҭыхыҩцәа, иара убас Аԥснытәи аԥышәа змоу асахьаҭыхцәеи асахьаҭыхцәа ҿарацәеи.

Асахьаҭыхыҩцәа рхеидкыла "Аԥсны-Арт" анапхгаҩы, асахьаҭыхҩы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара аҟәша аиҳабы Нугзар Логәуа излазгәеиҭаз ала, сынтәа афбатәи арт-пленер ауп имҩаԥысуа Аԥсны. Уи иахьӡуп "Ҭагалантәи ашәыгақәа".

"Раԥхьаӡа акәны ашьапы ҳкит 2013 шықәса рзы. Убри аахыс аус ҳуеит, есышықәса еиҳа-еиҳа иацлоит иаауа асахьаҭыхыҩцәа, аҟазацәа рхыԥхьаӡара. Ихадароу аусқәа зегьы ахьымҩаԥысуа ҳәа иԥхьаӡоуп Аԥснытәи ҳәынҭқарратә университет, Амилаҭтә галереиа. Уи еиҿызкааз иреиуоуп асахьаҭыхыҩцәа рхеидкыла "Аԥсны-Арт". Ари арт-пленер хықәкы хадас иамоуп абра иаҳааӡо аҿарацәа аԥышәа рымадара",-  иҳәеит Логәуа.

Иара иажәақәа рыла, арҭ амшқәа рзы Аԥсны иаҭааит Урыстәылатәи ашколқәа, Репин, Суриков, Строганов уҳәа рыхьӡ зху Академиақәа ирылгахьоу, Новосибирск, Перм, Кавказтәи ҳаиашьаратә Республикақәа рҟынтәи апрофессионалцәа.

"Сынтәа жәохәҩык асасцәа ҳҭоуп, убарҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп Израильынтәи иааз, акварель ала аус зуа, аҟазараҿы уи атехника аинтерес ду аҵоуп. Иалахәуп аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа, арҵаҩцәа ара аус зуа, иалахәуп иара убас Аҟәатәи асахьаркыратә ҵараиурҭа. Ҳазегьы ҳааидкыланы иуҳәозар 70-ҩык рҟынӡа ҳалахәуп сынтәа имҩаԥаҳго Арт-пленер", - иациҵеит Логәуа. 

"Ҭагалантәи ашәыгақәа" захьӡу аусмҩаԥгатә аартын иахьа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ахыбраҟны. Уи есышықәса традициак ала имҩаԥыргоит аиҿкааҩцәа.

© SputnikНугзар Логәуа арт-пленер аартраан
Ҳаамҭазтәи аҟазара: Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы иаатит арт-пленер - Sputnik Аҧсны
Нугзар Логәуа арт-пленер аартраан

"Ауниверситет ахолл аҿы, аҩналарҭаҟны иҟан ацәыргақәҵа, уаанӡа апленер аҟны иҟарҵахьаз аусумҭақәа рыхәҭак цәыргақәҵан,уи даара аинтерес аҵан ҿыц иааз рзгьы. Анаҩс, Аконференциа аусура иалагеит. Иахцәажәеит иахьатәи аамҭа иашьашәалоу аметодикақәеи аҟазара аҭагылазаашьеи", - иҳәеит Асахьаҭыхыҩцәа Жәларбжьаратәи реиҿкаара "Аԥсны-Арт" ахантәаҩы.

Арт-пленер иалахәу асахьаҭыхҩы Аԥснытәи ашьхақәа рсахьа ҭихуеит - Sputnik Аҧсны
Жәларбжьаратәи арт-пленер аусура аатуеит Аҟәеи Риҵатәи амилаҭтә парк аҟны

Аинтерактивтә технологиақәа иалдыршоит апрофессионалтә лшарақәа рырҭбаара. Ҳаамҭазы аҟазауаҩ илшозароуп ауниверсалтә дыррақәа рхархәара. Аҟазара ахырхарҭақәа зегь рыла имҩаԥысуеит атрансформациа. Асахьаҭыхыҩцәа акырҵуеит аҟазара ауадақәа ирдәылганы адәахьы ицәырыргоижьҭеи, рҟазара массала ауаа аладырхәуеижьҭеи. 

"Аԥсны аус руеит асахьаҭыхратә студиақәа, ашколқәа, Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа, 130-ҩык астудентцәа аҵара рҵоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟәшаҟны. Аԥсны аҟазара аҿиара амоуп. Абас еиԥш ҳасасцәеи ҳареи ҳажәахәқәа, ҳаиҿцәажәарақәа зегьы ҳрызхәыцуеит, астудентцәа рзы аинтерес ду аҵоуп ҳәа сгәы иаанагоит, уигьы аҟазара арҿиара хымԥада иацхраауеит", - азгәеиҭеит Логәуа.

Асахьаҭыхыҩ иажәақәа рыла, жьҭаарамза 24 рзы арт-пленер хдыркәшоит, усҟан Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иҟалоит аихшьаалатә цәыргақәҵа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0