Урыстәылатәи аруаа аихшьаалатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВоенные учения ЮВО
Военные учения ЮВО - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа 20 рҟынӡа хәымзтәи аихшьаалатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит ашьхара аҭыԥқәа рҿы.

АҞӘА, жьҭаара 22 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа агәаҭарақәа рҳәаа иҭагӡаны арратә техникеи абџьари рыла ашьхаратә ҭыԥқәа рҟны азыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

"Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаа разыҟаҵара мҩаԥыргон аштаб афицарцәа. Дара иазгәарҭон арратә еилазаара азыҟаҵара аҭагылазаашьа, иаарласӡаны рнапы ианҵоу адҵақәа рынагӡашьа", - ҳәа арбоуп апресс-реализ аҟны.

Аԥснытәи атанкистцәа Адыгеиатәи аполигон аҟны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи атанкистцәа Адыгатәылатәи аполигон аҟны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аихшьаалатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит аполигонқәа "Ҵабали" , "Гәдоуҭеи", "Нагвалоуи" рҽеиԥш Адыгатәыла, астрахантәи Волгоградтәи аобластқәа рҟны.

Амҩан иаадырԥшуан рдыррақәа, арратә техника ахархәашьазы ироуз рԥышәа. Автомобилтә колоннақәа рмашьынарныҟәцаҩцәа ашьха ӡиасқәеи аҭҳәаақәеи ирхысуан, ҷыдала ирыҭаз аԥынгылақәа ирҿысуан. Акәылӡылас атехникеи "аӷа" ирмчқәеи иреихсуан. Иахьнеиз ашьхаратә ҭыԥқәа рҟынгьы аҽыхьчаратә тактиказы ирымоу рдыррақәа аадырԥшуан. Аҽазыҟаҵарақәа раан рхы иадырхәон амаскировка ахархәагақәа, алҩа аушьҭрала аҽыҵәахра.

Апресс-маҵзура аинформациала, ауснагӡатә иалахәуп атанкқәа Т-72Б3, акәылӡтәытранспартиорқәа, акәылӡтәы машьынақәа "Рысь", аракетатә системақәа "Град", аидарамҩангагақәа КамАЗ "Мустанг" реиԥш иҟоу атехника ҷыда. Зынӡа иааидкыланы 500 рҟынӡа арратә техника.

Арратә техника ахархәаразы иаԥҵоуп 30 рҟынӡа атехникатә маҵзура апостқәа. Амаҵзурақәа мҩаԥыргоит ар иааиԥмырҟьаӡакәа иахьыҟоу аҭыԥ аҿеиԥш аполигонқәа рҿгьы.

Иааидкыланы аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп зықьҩык инарзынаԥшуа амашьынарныҟәцаҩцәа, атехникцәа, егьырҭ атехника аекипажқәа, аҟазауаа ҷыдацәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0