Аминистрцәа Реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит 2020 шықәса аусутә мзар

CC0 / / Амзар
Амзар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара 2019 шықәсарзтәи алхрақәа рышьҭахь ԥхьатәара ицеит. Жьҭаара 23 рзы аминистрцәа реилатәараҿы 2020 шықәсазтәи амзар шьақәнарӷәӷәеит.

АҞӘА, жьҭаара 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Жьҭаара 23 рзы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара реилатәараҿы 2020 шықәсазтәи амзар шьақәнарӷәӷәеит. Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳаит ҳкорреспондент.

"Аԥсшьарамшқәеи аныҳәамшқәеи ахьеиқәшәаз азы хәажәкыра ааба ашәахьахьы ииагахоит, лаҵара 9 азы аԥсшьарамш лаҵара 11 рахь ииагахоит", - иҳәеит Аԥсны аџьеи, асоциалтә еиқәыршәареи, аусурамазаареи рминистр Аџьба Руслан.

Аусурамшқәеи аԥсшьарамшқәеи реишьашәаларазы Аминистрцәа Реилазаара иаӡбеит ахәаша, ажьырныҳәа 3 асабша - ажьырныҳәа 11 ахь ииагазарц, ажьырныҳәа 13 асабша 18 ахь ииагазарц.

Мшаԥныҳәа амҽыша мшаԥы 19 иахьақәшәо азы аԥсшьарамш ииагахоит мшаԥы 20 рахь.

2020 шықәса амзар Аминистрцәа Реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит иахьатәи реилатәараҿы.

2020 шықәса рзы 121 ԥсшьара мши 245 усуратә мши ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0